АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2023

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит. Ашәба Лаша Аиааира 30 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! 

 

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

1993 шықәса цәыббрамза 30 – ҳара ҳзы аҵак ду змоу рыцхәуп. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари амш иацуп 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахьанҭара зыжәҩа иқәызхыз рызгәдура.

Ампыҵахаларатә ақыртуа архәҭақәа рҿагыларааан иааԥшит Аԥсны жәлар ргәамчи реидгылареи, ҳаибашьцәа - ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәеи еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә иааны урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылази рфырхаҵареи ргәымшәареи. 

Ҳхырхәоит аибашьра ду аамҭа хьанҭақәа раан Ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭызтәыз, атыл аҟны Аиааира арааигәара иацхраауаз зегьы рҿаԥхьа.

Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аибашьра ашьҭахь ҳреспублика ақалақьқәеи ақыҭақәеи реиҭашьақәыргылара иалахәыз, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәареи аҿиареи рыҟны злагала рацәоу.

Хашҭра рықәым ҳтәыла ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз афырхацәа. Урҭ рфырхаҵарақәа абиԥара ҿыцқәа рааӡараҟны иҿырԥшыганы иҟазаауеит есқьынгьы.

Ихьӡ кашәара ақәым Аԥсны жәлар раԥхьагыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Иахьа зеиԥш уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аиашьара, аиҩызара, аидгылара атрадициақәа реиқәырхара, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа апатриоттә ҟазшьа бзиақәа рылааӡара.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит ҳҳәынҭқарра аҿиара иазку шәусураҟны. Ари аныҳәа Аԥсны жәлар реихьӡарақәа ирныҳәаны иҟалааит!

Ҽаанбзиала шәнеилааит!

 

 


Read 292 times - Асабша, 30 Цәыббра 2023 18:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.