АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2023

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеит 30-шықәса ҵит.  Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.  

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднесторвие рҟынтәи иааз аделегациақәа рнапхгаҩцәа.

Аибашьраҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан иҟоу аԥсуа  диаспора ахаҭарнакцәа.   

«Аиааира Амш Аԥсны Аҳәынҭқарра анаҩстәи ашьақәгылареи аҿиареи рзы алшара ҳанаҭеит», – ҳәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа Аԥсны зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Иара аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ахьӡ-аԥша згым афырхацәа зааӡаз анацәа дрыдныҳәало иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аиааиразы. 


Read 251 times - Асабша, 30 Цәыббра 2023 18:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.