
pressadmin-2
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иааникылоз амаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Быҭәба В.С.Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст иаҳәоит:
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы амаҵзуразы Аԥҟареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ила ԥхынҷкәынмза 18, 1996 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Аусԥҟа № УП-104 (хәажәкырамза 04, 1997 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 13, рашәарамза 22, 1998 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 62, цәыббрамза 11, 2017 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 208, абҵарамза 04, 2021 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 285, лаҵарамза 17, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 155, рашәарамза 13, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра №184 ҳасаб азуны): инарықәыршәаны:
Аслан Бжьаниа Роберт Киут Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада дыдирдырит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара аминистр ҿыц Роберт Киут дыдирдырит.
«Сгәы иаанагоит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц амаҵзурахьы инеира хьаада имҩаҧысып ҳәа. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа а
зыӡбақәак идикыларым ҳәа. Сгәыӷуеит аҵыхәтәантәи хышықәса раахыс иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирыцҵаны аҿиара роуп ҳәа",- иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
48-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аполковник Нодар Чачхиани.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 48-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аполковник Нодар Чачхиани.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгараҭареи аколлективи рколлега иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи идышшылоит.
«Ҳколлега, ҳҩыза Нодар Чачхиани изаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит ҳәа иҳауз адырра хьаа дуны ҳгәаҵанӡа инаӡеит. Нодар Чачхиани зыԥсы цқьаз, аиашара иадгылоз, агәаӷьра злаз, иаамсҭашәаз ауаҩы, афицар, апатриот иаша иакәын, уи наунагӡа ҳгәалашәараҿы даанхоит», – ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы.
Аполковник Чачхиани Нодари Гьаргь-иԥа диит ажьырныҳәамза 2, 1976 шықәсазы Гагра араион Пицунда аҳабла аҿы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет доужьҭымҭоуп.
Аҽыааӡаҩ Адгәыр Пачалиа Краснодартәи аипподром аҿы Аԥхынтәи аԥхьахә Ду агараҿы аиааира агеит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Краснодартәи аипподром аҿы аҽырыҩратә сезон раԥхьатәи аицлабрақәа мҩаԥысит. Иахьатәи амш Урыстәыла Амшныҳәа азгәаҭара азы аҽырыҩрақәа иазкын, 2023-тәи ашықәс Краснодар ақалақь аҿы уаҳа зда ыҟам, Урыстәыла ижәытәӡатәиу аипподромқәа иреиуоу аипподром 155-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.
Ари амш аҽны аҽыжәлақәа ҩба – англызтәи арабтәи иатәу аҽыҩқәа 11-нтә рҽырыҩра мҩаԥысит. Азеиԥш аԥхьахәтә фонд миллион мааҭ инареиҳаны ишьақәгылеит.
Арҭ аҽырыҩрақәа аԥснытәи аҽыааӡаҩцәа рыҽқәагьы алахәхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥхынтәи аԥхьахә Ду агаразы аиԥхныҩра аҿы зегьы раԥхьа афиниш аҟынӡа инаӡеит Аԥсны Голд ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ. Аҽырҩра 1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы имҩаԥысуан арабтәи ахкыжәла иаҵанакуа, хы-шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҽыҩқәа рыбжьара. Арҭ аҽырыҩрақәа рҿы афбатәи аҭыԥ аанакылеит Соле Мио ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Ахра Ашәба иҽыҩ.
Елита аԥхьахә агаразы аиԥхныҩра аҿы Гаркун ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит. Аҽырыҩрақәа 2400 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы арабтәи ахкыжәла змоу, ԥшьышықәса зхыҵуа, мамзаргьы еиҳабу аҽыҩқәа рыбжьара имҩаԥысуан.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҟны азанааҭтә дарра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа ирхысуан.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа лаҵарамза 29 инаркны рашәарамза 9 аҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхкы аҿы азанааҭдырратә аиҭазыҟаҵара Аусбарҭа аҟны азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа ирхысуан.
Акурсқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Аԥшьбатәи Рдепартамент Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҟәша аиҳабы Рубен Малаиан иԥылеит. Аиԥылараҿы Аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Ақыҭараҿы инхо аҿар рыбжьара Ареспубликатә конкурс «Ҳалшара» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара аҽҳәара иацҵахоит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ақыҭараҿы инхо аҿар рыбжьара Ареспубликатә конкурс «Ҳалшара» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыкылара аҽҳәара иацнаҵоит.
Аконкурс амҩаԥгара хықәкыс иамоуп амилаҭтә усдкылара знапы алаку ақыҭа аҿар раарԥшреи адгылара рыҭареи, иара убас аҿар рыбжьара аџьабзиабареи апатриотизми ридеиақәа рылаҵәара ацхраара.
Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш инамаданы дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Урыстәыла азеиԥшмилаҭтә ҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәала шәыдышәкыл! Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи аҳәынҭқарра адуреи ашәышықәсақәа иргәылганы иаагоу уи аҭоурых абеиареи рсимволны иҟоуп. Уи Рыԥсадгьыли ибеиаӡоу адоуҳатә-культуратә ҭынхеи гык-ԥсыкала иазыҟоу биԥарала Урыстәыла атәылауаа еидызкыло ныҳәоуп.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу ахҭысқәа, иааизакны жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ашәышықәсақәа раԥхьа еиԥш иахьагьы аитәылауаа ракзаара, Аԥсадгьыл асуверенитет ахьчара азхиара шаҟа аҵак ду амоу зеиӷьаҟам ала иаҳнарбоит.
Рашәарамза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп X Жәларбжьаратәи автортә ашәа афестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!»
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 14 рзы И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп X Жәларбжьаратәи автортә ашәа афестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!».
«Автортә ашәа Жәларбжьаратәи афестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!» асахьаркыра-музыкатә ҟазара аҿиареи аҟыбаҩ злоу ауаа раарԥшреи ахаԥшьгаратә авторцәа-анагӡаҩцәа ҳаамҭазтәи зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аԥҵамҭақәа раԥҵара азы агәазыҳәара рыҭареи иазкуп», - ҳәа иазгәаҭоуп афестиваль апресс-релиз аҟны.
Рашәарамза 12 – Урыстәыла Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Амш – есышықәса, рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо аныҳәа ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аҳәынҭқарра аԥҵареи атәыла аизҳазыӷьареи символра азнауеит. Уи рашәарамза 12, 1992 шықәсазы Адекларациа адкылара инамаданы иаԥҵан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
«Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу ари атәыла дуӡӡа иқәынхо, уи ибеиоу акультуреи ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа атрадициақәеи ҳаҭыр ақәызҵо, уи асоциалтәии аекономикатәи апотенциал арӷәӷәареи адунеитә арена аҿы аинтересқәа рыхьчареи злагала алазҵо урыстәылаа зегьы еиднакылоит.
Хьӡи-ԥшеи згым Урыстәыла аҭоурых азгәдуреи апатриотизмреи рзы аҵаҵӷәы рацәа рнаҭоит уи иқәынхо дарбанзаалак.
Урыстәыла иалҵит адунеи зегьы аҿы еицырдыруаз ирацәаҩны зыхьӡ нагоу аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, акосмос раԥхьа знапаҿы иаазгаз раԥхьатәи акосмонавтцәа, уҳәа», - иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш. Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу атәыла иқәынхо, уи акультура беиеи ашәышықәсақәа зхыҵуа атрадициақәеи ҳаҭыр ззақәу, уи асоциалтәи аекономикатәи лшара арӷәӷәараҟны злагаламҭа ыҟоу, адунеитә аренаҟны уи ахьчаразы игылоу урыстәылаа зегьы еиднакылоит.