АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынҷкәын.2023

Ауаажәларратә Палата алахәылацәа «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа азы» Азакәан иалагалаз аиҭакрақәа иадгылоит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 18 рзы Гал араион ауааԥсыра Ареспублика Аԥсны иаку асоциалтә ҵакыра ахь ринтеграциеи амилаҭбжьаратәи азҵаарақәеи рзы Ауаажәларатә Палата Акомиссиа аԥшьгарала, уи ахада Давид Ԥлиа ихантәаҩрала Аԥсны Жәлар Реизара асессиа аилатәара аҿы ирыдыркылаз, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭаху аԥкрақәа рхызхуа «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан азҵаара иазкыз аилатәара мҩаԥысит.  

Аилацәажәара ашьҭахь Ауаажәларратә Палата алахәылацәа реиҳараҩык ақәыршаҳаҭны ааԥхьара рыдыркылеит: 

«Апарламент адепутатцәа ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса рзы имҩаԥысыз асессиа аилатәараҿы «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит. 

Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа арҭ аиҭакрақәа даара хра злоу акакәны ирыԥхьаӡоит, иагьадгылоит.   Ари ахҭыс ҳауаажәларра аҿы еиԥшӡамкәа иазнеит, уи иагьеилкаауп, избан акәзар, амилаҭтәи ажәлатә еиҭакрақәеи ртема ахааназгьы акыр акәама-ҵамақәа ацны иҟан, насгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы, иара уеизгьы иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьеи аԥсуа-қырҭуатә конфликт аҭышәымтәалареи ҳасаб азуны амилаҭтә хдырраа иааизакны Ареспублика Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара иадырҳәалоит.

Ауаажәларратә Палата алахәылацәа агәра ганы иҟоуп иарбоу азакәанԥҵаратә акт аҭоурыхтә иашара ашьақәыргылареи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз рхылҵышьҭрақәа раԥсуа милаҭреи рыжәлеи  реиҭашьақәыргылара азы азин ауиреи рҿы иҿыцу импульсны ишыҟало. Жәлар Реизара-Апарламент ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәсазы «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан адкыларазы ишьақәнарӷәӷәаз аӡбамҭа иаҵоу аҵакы ахадара  ахә ашьара уадаҩуп.

Иарбоу азинтә шәҟәынҵа Ареспублика Аԥсны ахәҭак аҿы еизакны инхо атәылауаҩра змам ахаҿқәа ҳтәыла ҳаамҭазтәи аполитикатә, асоциал-економикатә, аетнокультуратә ҵакыра ахь ринтеграциа азинтә шьаҭа анаҭоит. Уи жәаҳәарада Ареспублика Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәареи уи ихьыԥшым, азинтә, адемократиатә ҳәынҭқарра аҳасабала анаҩстәи аҿиареи акыр иацхраауеит.  

 


Read 277 times - Аҩаша, 19 Ԥхынҷкәын 2023 03:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.