Апроект автор, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниа иазгәалҭеит: «Ҳара ахәыҷқәа зегьы аконкурс аҿы реихьӡарақәа ирыдҳәаламкәа рылшара гәарҭарц азы Агала-концерт аҿы ақәгылара азы алшара раҳҭар ҳҭаххеит... Аиҳарак гәахәарыла иҳадаҳкылеит апианистцәа аиҵбыратә гәыԥ. Дара анаҩсгьы рырҿиаратә мҩа иацырҵап ҳәа агәыӷра ҳамоуп! Акыр ҳдыргәарӷьеит Ирина Окуџьааи Ольга Балаевеи рнапхгарала иқәгылоз аскрипкарҳәаҩцәа рансамбльқәа! Ахәыҷы ҟаимаҭқәа ҳамоуп! Агәра ганы ҳаҟоуп арҭ амузыкант ҿарацәа ҳаԥхьаҟагьы изныкымкәа ҳашдыргәарӷьало!»
Лара иара убас ишеиҭалҳәаз ала, сынтәа «Аԥсыԥтә инструментқәа» ҳәа аноминациа ҿыц цәырҵит.