Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15-16 рзы Михаил Чачба ихьӡ зху гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥысуан жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион, аорденқәа Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа ркавалер Рашь Ҳабыгә-иԥа Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны зегьы еиԥш Урыстәыла – Адыгеиа, Даӷьсҭани Шәача ақалақьи рҟынтәи 100 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Аицлабрақәа 2007-2008, 2009-2010шш.рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥысуан.
2007-2008 шш. рзы ииз, 44 кьыла рҟынӡа иҟоу арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Шахбан Абдурахманов (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Владислав Барцыц (ақ.Гагра).
48 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Мурад Пкьын (Аԥсны. Цандрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ - Армик Мурадиан (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥ - Шахбан Абдурахманов (Ареспублика Даӷьсҭан).
52 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Никита Лежьиа (Аԥсны. ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Инал Ҭания (Аԥсны. ақ.Ҭҟәарчал), ахԥатәи аҭыԥ - Алмас Шанаа (Аԥсны. ақ.Ҭҟәарчал).
57 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Рамазан Амиралиев (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Магомед Магомедалиев (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Амин Емир-Оглы (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), Алан Герзмаа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа).
62 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Данил Ԥлиа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ - Раџь Џьугелиа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит- Данил Басариа (Аԥсны. ақ. Аҟәа), Асҭан Адлеиба (Аԥсны. ақ. Аҟәа).
71 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Магомед Микаилов (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Иусуп Чакаев (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леон Малиа (Аԥсны. ақ. Гәдоуҭа), Оганнес Болиан (Ареспублика Адыгеиа).
75 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Давид Бдаициев (Урыстәыла. ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Сандро Џьакониа (Аԥсны. ақ.Пицунда).
110 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сулхан Хәытаба (Аԥсны. ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Роман Маркориан (Аԥсны. ақ.Пицунда), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леван Ажьиба (Аԥсны. ақ.Гагра), Дамир Каленџьиан (Урыстәыла. ақ. Шәача).
2009-2010 шш. рзы ииз, 30 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит Тимур Марков (Урыстәыла. ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ игеит Илиас Меџьидов (Урыстәыла. ақ. Шәача).
32 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Анӡор Зотов (Ареспублика Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Нораир Мартиросиан (Урыстәыла. ақ.Шәача), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Нестор Аиба (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), Рамин Арсҭаа (Аԥсны. ақ.Пицунда).
35 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Тимур Тозлиан (Ареспублика Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Инал Гегенаа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Арсен Кутелиа (Аԥсны. ақ.Аҟәа).
38 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кади Амирбеков (Урыстәыла. ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Данаҭ Партанаӡе (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Едгар Зыхәба (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), Ерик Папазиан (Аԥсны. Цандрыԥшь аҳабла).
41 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Осман Зыхәба (Аԥсны. ақ.Гдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Игорь Ԥаразиа (Аԥсны Цандрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Владислав Ладариа (Аԥсны. ақ.Пицунда).
44 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сандро Жьиба (Аԥсны. ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Леван Гыцба (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ - Даниел Хьиба (Аԥсны. ақ. Аҟәа).
48 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит Богдан Ӡидӡариа (Аԥсны. ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ахмат Киртбаиа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа - Михаил Козлов (Урыстәыла. ақ.Шәача), Кирил Ҵулукиа (Аԥсны. ақ.Аҟәа).
Аӡбаҩ хада – жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ Вичеслав Багаев.
Рашь Хәытаба иаԥхьахә агара азы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы раԥхьатәи жәларбжьаратәи атурнир Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь мызқәак ааҵуаны имҩаԥысит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы атурнир аиашазы жәларбжьаратәины иҟалеит, уи ԥыхьатәи Асовет еидгыла аҵакыра аҟынтәи иреиӷьу аиқәԥаҩцәа ҿарацәа еиднакылоит.