pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ихраҿа агаразы аҽырыҩраҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев дзықәтәаз аҽыҩ «Радеда».
Аҟәа. Жьҭаармза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿытә спорт азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа» агаразы атурнир мҩаԥысит жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы.
Аҽыбӷаҟазацәа еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы быжь-еиԥхныҩларак мҩаԥыргеит, иара убас аҵәеигыдҵара, аҽытә шьапылампыл, уҳәа аицлабрақәа мҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аусмҩаԥгатә 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аҽытә спорт аспортсменцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.
1000 метрак рҟынӡа инаӡоз адистанциала аиԥхныҩлараҿы ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза Иури Бараҭелиа игәалашәара азы аԥхьахә агаразы аицлабраҿы раԥхьа иааит аҽыбӷаҟаза Михаил Симанкин дзықәтәаз «Принцесса» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Аҽы аԥшәма – Ахиллес Ашәба; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Ҭемыр Чхабелиа дзықәтәаз, «Виторгана» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Аҽы аԥшәма – Дауҭ Дасаниа. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Терс» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Уи аԥшәма – Ахра Нодиа.
Аԥхьахәтә фонд – 100 нызықь мааҭ.
1200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Иаԥхьахә агаразы аицлабраҿы зегьы раԥхьа иааит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Аԥсила» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма –Ҭенгиз Ԥлиа; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыҩӷаҟаза Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз «Родина» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Беслан Барганџьиа; ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит аҽыбӷаҟаза Витали Агрба дзықәтәаз, «Валда» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Ислам Арӡынба.
Аԥхьахәтә фонд – 150 нызықь мааҭ.
Даур Ақаҩба адирижиор Давид Терзиан 50-шықәсатәи ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор Хада, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан 50-шықәсатәи ииубилеи инамаданы дидныҳәалеит.
Иара аиубилиар агәабзиареи арҿиаратә қәҿиарақәеи изеиӷьаишьеит.
«Шәара шәнапхгарала акамертә оркестр – Аԥсны агәадураны иҟалеит. Зыквалификациа ҳараку апрофессионалцәа аус ахьыруо, арепертуар ду змоу аоркестр, ари зегьы шәусура ламысцқьала азнеира иабзоурахеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.
Аминистр Аԥсны асимфониатә оркестр ду шеи-ҭарҿиахо, уи ареспублика ахьӡ шыҭнаго азы агәыӷра ааирԥшит.
Давид Терзиан аминистр адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны, жьҭаарамза 1 инаркны арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭахоит арратә ԥхьатәара иҟам, арратә уалԥшьа анагӡара иаҵанакуа, 18 шықәса инаркны 27шықәсанӡа зхыҵуа Аԥсны атәылауаа.
Аррахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аҩныҵҟати аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵара Аминистрра.
Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза 11 рзы Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6., 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит, ирылацәажәеит адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика азҵаарақәа.
Жәҩык арҵаҩцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп жәҩык арҵаҩцәа.
Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усураҟны рлагалеи, арҵареи, еизҳауа абиԥара реиҵааӡареи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
Апартиа «Аиҭаира» арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа инамаданы ирыдныҳәалоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, ареспублика аҿы аус зуа аҵарадырратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа арҵаҩы Имш инамаданы ирыдныҳәалоит.
«Шәара зегьы шәыԥсҭазаара ашкол иадҳәалоуп. Згәы хыҭ-хыҭуа ашкол ахь раԥхьаӡа зшьапы еихызгаз, раԥхьатәи рырҵаҩы ирзааигәоу уаҩны дзыԥхьаӡоз ҳара ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи арҵаҩцәа рыбзиабареи рыхшыҩзышьҭреи рыцуп. Шәара шәзанааҭдырра, шәҭакԥхықәра, ахәыҷқәа рызнеишьа адырреи ирыбзоураны иахьатәи аҵаҩцәа аӡәырҩы аԥсҭазаараҿы рхатә ҭыԥ алырхуеит, ҳтәыла уаҵәтәи амш ашьақәгылараҟны ихьӡырҳәаганы иҟалоит.
Цәыббрамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалалеит 567 млн. мааҭ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалалеит 567 млн. мааҭ. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 503,9 млн. мааҭ. Цәыббрамзазы аплан анагӡара 113% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.
2023 шықәса жәымз ирылагӡаны ареспублика абиуџьет ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалалеит 3 млрд 469,2 млн. мааҭ. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 млрд. 845,6 млн. мааҭ. Азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рынагӡара 122% рҟынӡа инаӡеит. Планла иазԥхьагәаҭаз ашәатәқәа реицҵалыҵи фактла иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵи реивгара 623,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтәқәа ралагалара адинамика 116% рҟынӡа инаӡоит, уи иааизакны аицҵалыҵ 480,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агара азы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агара азы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит.
Аицлабрақәа мҩаԥгахоит – 1000, 1200, 1600 (2-ҽырыҩрак), 2000, 2400, 3200 метр рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы. Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа ахәаԥшцәа иддырбараны иҟоуп ҽыла ашьапылампыласреи адротикқәа рыршәреи реиԥш иҟоу аҽыбӷаҟазараспорттә еиндаҭларақәа.
Аҽыбӷаҟазарапорттә ныҳәа алагоит асааҭ 09:00 рзы.
Ашәба Лаша Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеитАҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Арҵаҩы имш!
Ахәыҷра ашықәсқәа раан ауаҩы иоуа адыррақәа аҵак ду рымоуп. Убри аҟнытә ҳара ҳзы арҵаҩы иџьабаа ахә дууп. Арҵаҩы изанааҭтәи иуаҩытәҩсатәи ҟазшьақәа ҳтәыла уаҵәтәи амш ашьақәгылараҟны ирыӡбо рацәоуп.








