Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ала Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан аҭыԥ агәаҭара мҩаԥыргеит. Урҭ уахь дахьнымхоз ахыбра аҵаҟа ирыԥшааит ахьчаратә системала еибыҭаз амаининг-ферма.
Амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыцырхырааны иаҿырхит амхрагьы мҩаԥыргеит акриптовалиута арҳара иазкыз 23 аппарат.
Урҭ зтәу ҳәа иԥхьаӡоу Арӡынба Лиана Зауриԥҳа лганахьала административтә хьырхәра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. Амаругақәа зегьы Аҳәынҭқарратә стандарт иатәу аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.