«Уи анҩс, амитинг амҩаԥгара аҽны аҭыԥ аҿы уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыԥшра нарыгӡалоит анапхгарабжьаратәи аоператив-усеилыгаратә гәыԥ, уи иамоу азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа апроцессқәа ирхылаԥшуеит, изеиԥшразаалак азинеилагаратә уснагӡатәқәа шьақәдыргылалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Агрба.
«Азинхьчаратә Усбарҭақәа русзуҩцәа ацәгьоуратә, мамзаргьы аконституциа еилазго ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аҽазышәарақәа рганахьала аинформациа шаароуз еиԥшҵәҟьа, урҭ азакәан инақәыршәаны иаразнак аԥхьырҟәҟәаара алдыршоит, амассатә еилаҩынтәра аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи азакәан ишаҳәо ала аҭакԥхықәра рыдҵарагьы уахь иналаҵаны», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада.