***Адныҳәаларақәа иара убас иааит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иҟынтәи:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золотинска-иԥа, Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәыкала иҟаҵоу адныҳәалара!
Шәара аҳәынҭқарра аԥыза-министр имаҵураҿы лҵшәабзиала шәусура еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аԥсны-урыстәылатәи аусеицура еффективла рыҿиара акыр иацхрааует.
Агәра ганы сыҟоуп, ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа Аԥсни Урыстәылеи рыиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала хра злоу аҿиара шаиуо.
Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золоинска-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзара, анҵыра ду, анасыԥ, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиара дуқәа».
***Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иааишьҭыз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золотинска-иԥа! Шәара шәахь исымоу аҳаҭырқәҵара аарԥшуа ишәыдышәкылар сҭахуп Шәира Амш инамаданы иҟасҵо адныҳәалара!
Шәара аԥышәа ду змоу, ззанааҭтә дырра акыр иҳараку, иҟәышу, иқәгыло ахыдҵақәа еффективла рыӡбашьа иақәшәо анапхгаҩы шәоуп. Шәара Аԥсны иҭышәынтәалоу ганрацәала аҿиара, аекономикатә потенциал аизырҳара, асоциалтә сфера арӷәӷәара, ауааԥсыра рыԥҭазаашьа аиӷьтәра, аполитикатә ҭышәынтәалара, азакәанра, азинлеишәа аиқәыршәара алыршаразы иҟашәҵахьо, иара уажәгьы иҟашәҵо акыр ирацәоуп.
Агәра ганы сыҟоуп, Шәара атәыла Анапхгара аусураҿы ицәырҵуа хадара злоу азҵаарақәа рыӡбара ҭакԥхықәрала шәазнеира иабзоураны Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылареи, наҟ-ааҟтәи аидгылареи хра злоу атрадициақәа реихаҳареи рыла ишьаҭарку Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи шалыршахо.
Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Злотинска-иԥа, азин сышәҭозар, ари аныҳәатә мшы азы ҩаԥхьа ҳаҭыр шшәықәызҵо азгәаҭо Шәареи шәҭаацәеи ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аизҳазыӷьара, шәнапы злаку имариам аҳәынҭқарратә усура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи».