Азакәан апроект иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа еиҳа аеффективра аланы рхылаԥшратә функциақәа рынагӡара алзыршо амеханизмқәа шьақәнаргылоит.
Азакәан апроект ала дарбанызаалак атәанчахәытә ԥгаԥсазы ашәҟәы зҽанызҵаз иҷыдоу аршаҳаҭга иҭара азԥхьагәаҭоуп.
Атәанчахәытә ԥгаԥсазы иҷыдоу аршаҳаҭга атәылауаҩ, аҳәынырцәтәи атәылауаҩ, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы аҳәынҭқарратә социалтә ԥгаԥсатә система аҿы ашәҟәы дышҭагалоу шьақәнарӷәӷәоит.
Уи ала атәанчахәы ашьақәыргыларазы ихымԥадатәиу адыррақәа – аџьашықәс, аԥгаԥсатә лагалақәеи ашәарақәеи уҳәа егьырҭ адыррақәеи зныԥшуа ахатәы ԥхьаӡамҭа аартхар ҟалоит.
Аԥсны атәылауаа ихымԥадатәиу атәанчаҩратә ԥгаԥса асистема аҿы ашәҟәы иҭагалахоит автоматтә режим ала: ихымԥадатәиу атәынчаҩратә ԥгаԥса асистема аҿы ашәҟәҭагалареи анаҩстәи аԥгаԥсатә аршаҳаҭга аҭареи ахәыҷы – Аԥсны атәылауаҩ иира азы аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалараан, мамзаргьы уаанӡа ихымԥадатәиу атәанчаҩратә ԥгаԥса асистема аҿы ашәҟәы иҭагаламыз Аԥсны атәылауаҩ Аԥсны атәылауаҩшәҟәы иоураан имҩаԥыслоит. Убри аан аԥгаԥса иахысыз ахаҿқәа зегьы хаҭала, мамзаргьы аԥгаԥсаҟаҵаҩы ила Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд, ма уи аҟәша ахь аԥгаԥсатә аршаҳаҭга аиураз адҵаалара илшоит.