pressadmin-2
АСТОЛ ГЬЕЖЬИ АЕКСКУРСИЕИ: УРЫСТӘЫЛА-УАԤСТӘЫЛАТӘИ АҾАРТӘ ФОРУМ ААРТРА ШЫҞАЛАЗ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуан аҩбатәи Урыстәыла-уаԥстәылатәи аҿартә форум. Уи ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Афорум актәи амш «Амилаҭбжьаратәи аҿартә диалог. Амилаҭтә ҿартә аԥшьгарақәа» атема ала астол гьежь ала иалагеит. Аԥсны аганахьала «Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ҿартә инициативақәа» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аԥсуа делегациа анапхгаҩы, абжьаратәи ашкол № 6 актәи акатегориа арҵаҩы, Аҟәатәи алицеи-интернат аҩбатәи акатегориа арҵаҩы Алиас Акаба.
Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валентина Гатикоева агрантқәа раиуреи афорумқәа рылахәхареи раҳасабала аҿартә иницитивақәа рҵакы ахадара азгәаҭо, ҳаԥхьаҟа асоциал-актуалратә хырхарҭа змоу апроектқәа назыгӡо аҿар рхыԥхьаӡара ишацло азы агәыӷра шлымоу аалырԥшит.
ҨЫМЧЫБЖЬ РЫЛА АԤСЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ИААГОУП 4,3 НЫЗЫҚЬ ТОНН АМАНДАРИНА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ҩы-шықәса рыла Краснодартәи атәылаҿацә аужьҭра-гәаҭаратә пунктқәа рыла Урыстәылаҟа ииагахеит 3177 партиа импортла идәықәҵоу амандарина. Иарбоу ацитрустә шәырқәа 3-тәылак рҟынтәи иаагоуп:
Ҭырқәтәылантәи иааган 2717 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 59,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;
Аԥснынтәи иаагоуп 444 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 4,3 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;
Египет аҟынтәи иаагоуп 16 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 0,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит.
АԤСНЫТӘИ ААЛЫҴ НИКАРАГУА АЖӘЛАРҚӘА РЫФАТӘИ АҚЬЫРСАТӘ ТРАДИЦИАҚӘЕИ РФЕСТИВАЛЬ АҾЫ ИЦӘЫРГАҚӘҴАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагуа имҩаԥысит аҭыԥантәи ажәларқәа рыфатә хкқәеи ақьырсиантә традициақәеи ирызку есышықәсатәи Жәларбжьаратәи афестиваль».
Афестиваль рхы аладырхәит аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 40 тәылы рхаҭарнакцәа. Иаҭааит 25 нызықь инареиҳаны ауаа.
Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо иааԥхьарала ацәыргақәҵа аартра иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи.
Афестиваль аҿы ицәыргақәҵахеит иара убас аԥснытәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ, аԥсуа милаҭтә костиумқәа, Аԥсны иазку амузыкеи авидеонҵамҭақәеи.
ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 9 - 10 РЗЫ АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ АСПЕКТАКЛЬ «СОФИЧКА» АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ф. И. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы 42-тәи атеатралтә сезон аҩбатәи аԥхьарбара азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Асезон ҿыц жьҭаарамза 29 рзы имҩаԥысыз амоноспектакль «В лучах» ала иаатит. Ԥхынҷкәынмза 9 – 10 рзы Аурыс драматә театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит Фазиль Искандер иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Софичка» аԥхьарбара.
«Софичка» - Чагем ақыҭа инхо аԥҳәызба лыԥсҭазаара аҭоурых зҳәо ажәабжь ауп. Ажәабжь зыхҳәаау лыԥсҭаазаара аҭоурых аарԥшуа Фазиль Искандер зеиӷьаҟам ала ихадоу ауаҩытәыҩсатә хәдуқәа дрыхцәажәоит: ацәаҩашәа, аԥсҭазаара аҵаки ахықәки, абзиабара, гәык ала азыҟазаара, анажьара. «Софичка» - ари XX ашәышықәса азы ажәлар иуадаҩыз рыԥсҭазаара иазку аепикатә ԥҵамҭа ду ауп.
Атеатр адиректор хада Иракли Хьынҭәба ишазгәеиҭаз ала, «аҩымҭа зыхҳәаау Софичка длыхцәажәо, Фазиль Искандер ҳара, иахьатәи аамҭазы инхо ҳәажәлар рдоуҳатәи рыԥсҭазааратәи хәдуқәа реизакырҭа Аҩны -Аԥсны ахьчареи аиқәырхареи ахымԥадатәра азы адырра ҳаиҭоит».
«Ҳара ҳтеатр Фазиль Искандер ихьӡ ахыуп. Убри аҟнытә уи арепертуар аҟны жәаҳәарада ҳџьынџьуаҩ ду ирҿиамҭақәа рыла иқәыргылоу аспектакльқәа ыҟазар ахәҭоуп. Фазиль Искандер ирҿиара излауа ала аӡыргара аҭахуп, избан акәзар, уи адунеи иарбан ҭыԥзаалак аҿы инхо аԥхьаҩ аԥсуа жәлар агәы ҳәа изышьҭоу аҭаԥшра илнаршоит. Дахьынхозаалакгьы ауаҩы, Фазиль Искандер иҩымҭақәа данрыԥхьалак, аԥсуаа заку жәлару, руникалра хыҵхырҭас иамоу, адунеизегьтәи акультуратә, ацивилизациатә процесс аҿы иааныркыло аҭыԥи инарыгӡо ароли ртәы шьахәла еиликаауеит», - ҳәа иҳәеит Иракли Хьынҭәба.
ЖӘАБРАНМЗА 6 РЗЫ АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГЫҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ «АШЫҚӘС АЗЫ ИРЕИӶЬУ АУСУМҬА» ҲӘА АЦӘЫРГАҚӘҴА ААТУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны жәабранмза 6 , асааҭ 13:00 рзы ацәыргақәҵа «Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа» ҳәа ацәыргақәҵа аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысуеит. Иара убри аҽныҵәҟьа аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит.
2001 шықәса раахыс есышықәса еиҿкаахо аконкурс амҩаԥгара аԥҟара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә комисиа есышықәса х-ҩык аиааира згаз алнакаауеит.
АԤСНЫ ИОФИЦИАЛТӘЫМ ВИЗИТЛА ДАҬААИТ ҬАҬАРСҬАН АРЕСПУБЛИКА АХАДА РУСТАМ МИННИХАНОВ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны иофициалтәым визитла Аԥсны иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов диԥылеит.
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Аԥсныҟа иааира аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аусеицура арҿиара иадҳәалоуп.
АСЛАН БЖЬАНИЕИ РУСҬАМ МИННИХАНОВИ ГАГРЕИ ГӘЫЛРЫԤШЬИ РРАИОНҚӘА РЫҞНЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ ҴАКЫ ЗМАЗ АОБИЕКТҚӘА ИРЫХӘАԤШИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи мышктәи иофициалтәым визитла ареспублика иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханови Гагреи Гәылрыԥшьи рраионқәа рыҟны аинвестициатә ҵакы змаз аобиектқәа гәарҭеит.
Русҭам Минниханов Аԥсныҟа иаара ахықәкы хаданы иамоуп аекономикеи атуризми рхырхарҭала аимадара арӷәӷәара.
«Иахьа дсасны даҳҭоуп ҳаиашьаратә Республика Ҭаҭарсҭан анапхгаҩы. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа акры рхыҵуеит. 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ареспублика Ҭаҭарсҭан иаҳнаҭаз ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп, усҟантәи аамҭазы аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви рыбжьара зхы акыз аиҩызаратә еизыҟазаашьа иахьа уажәраанӡа иацҵо ҳаауеит. Ҳара ҳаимадара ауаҩытәҩсатәи аекономикатәи ҵакыла рхарҭәаара ҳҽазаҳшәалоит,- иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.
Рустам Минниханов иазгәеиҭеит Аԥсынгьы Урыстәыла азгьы иуадаҩыз аамҭақәа рзы - 90-тәи ашықәсқәа раан аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа акыр ишеизааигәаз. "Ҳара раҧхьатәи ҳхада Минтимер Шаимиеви Владислав Арӡынбеи алшарақәа рыҧшааит аицхырааразы. Хымԥада, ари аиҩызара еиқәханы иааиуеит. Ҳара даара иаҳҭахуп ара ҳаҟазарц, иаҳҭахуп ҳара ҳҳәынҭқарра ала аҧсуа бизнес Урыстәыла иҟазарц. Ҳара иахьа имаҷымкәа ҳныҟәеит, ҳрыхәачшит анхарҭатә ҭыԥқәа, ахыбрақәа. Иахьа Аслан Гьаргь-иԥа иҟынтә исаҳаз агәҭакқәа даара ибзиоуп. Агәра згоит, иаарласны, саргьы ус исҭахуп, Аҧсны иҧшӡарҭоу ҭыҧхоит, избанзар Анцәа уи шәара анцәа ишәаҭәеишьахьеит. Иаҭаху, игәылыршәатәуп, ишахәҭоу аӡыргара аҭахуп", - иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ахада.
30 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АРРАТӘ ҲАМҬАҚӘА
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 4, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә ҳамҭақәа: «Леон» Иорден, «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа Амедали «Агәымшәаразы» Амедали раԥҵара шьақәнарӷәӷәеит.
АԤСНЫ АФЫРХАҴА
«Аԥсны Афырхаҵа» — Аԥсны иреиҳӡоу аҩаӡара змоу алкааратә ҳамҭоуп.
Аԥсны Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы афырхаҵара иадҳәалоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра азы хаҭалатәи, мамзаргьы аколлективтә лагалақәа рзы иранашьахоит.
Аҳаҭыртә хьӡы Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны атәылауаҩра змам ахаҿқәагьы иранашьахоит.
«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа Амедал ауаҩы игәаҿы, арымарахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи амедалқәеи рхыхь иаҭаны иныҟәигоит.
Ари аҳамҭа анашьаразы Актәи Аусԥҟа ԥхынҷкәынмза 30, 1993 шықәса рзы иҭижьит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Уи амш аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25-ҩык аибашьара иалахәыз, урҭ рахьынтә 15-ҩык ԥсрашьҭахь.
Леон Иорден
Леон Иорден Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараан ҷыдала иаарԥшыз агәымшәара, ахацәнымырхареи афырхаҵареи рзы иранашьахоит.
ЕЛЕНА ЛОЛУЕИ МАРИА ГЫЦБЕИ «УРЫСТӘЫЛА АԤЫЗА» ҲӘА АПРЕМИА РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Афонд «Лидер» аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 2 рзы Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иусқәа Рнапхгараҭара иатәу асасааирҭа «Золотое Кольцо» аҿы.
Афонд ахылаԥшратә Хеилак аӡбамҭала, аилазаара-аоператор «Риҵа-тур» адиректор Хада Елена Лолуеи атуристтә еилазаара «Аҟәа-Абаза» адиректор Хада Мариа Гыцбеи атуристтә усхкы рлагала азы «Урыстәыла аԥыза» ҳәа апремиа ранашьахеит.
Аҳамҭақәа рыҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба. Уи арҭ аҳамҭақәа занашьаз иахәҭаны иранашьахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
АГӘАБЗИАРА ЕИҶАҲАРЫЛА АЦКЛАԤШРА АКУЛЬТУРА АУАҨЫ ДАНЫХӘЫҶУ ИНАРКНЫ ИЛААӠАЛАТӘУП»: ЕДУАРД БЫҬӘБА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҾЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахәаша, ԥхынҷкәынмза 2 рзы ареспублика апедиатрцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Вахтанг Аҩардан, Саида Делба, ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Кациа, атәыла апедиатр хада Ангелина Оҭырба, ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара азы Аусбарҭа аспециалист хада Есма Гәыниа.
Аилатәара аҿы ареспублика араионқәа зегьы рҿы ахәыҷтәы ҳақьымцәа русура иалацәажәеит. Аҳақьымцәа амедицинатә усбарҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы рҳәеит.
Аспециалистцәа ргәаанагарала, апроблема хаданы иҟоуп ауааԥсыра алаҵа профилактика ахь ринтерес амаҷхара.
Едуард Быҭәба, аиҳарак ала амедицинатә усбарҭақәа рҿы аилыркаратә усура арӷәӷәара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҳақьым ииашаны занаааҭдыррала ахәыҷы алаҵа изыҟаҵара ахымԥадатәра релыркаара илшуазароуп. Алаҵа ианаамҭоу аҟаҵара, агәабзиара еиҷаҳарыла ацклаԥшра акультура ауаҩы даныхәыҷу инаркны илааӡалатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.