Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥнагаз аилатәара аҿы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟынтәи Аҟәа ақалақь аҿы Черниавски ихьӡ зху амҩа Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵара азы аҳәара зну ашәҟәы иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Нанҳәамза 11, 2023 шықәсазы иаашьҭыз ақалақь ахада ишәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадарахь иадҵаалеит атәылахьчара аминистр В. Ануа, аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы А.Цыгәба, иара убас ақалақь ауааԥсыра. Урҭ дара ахьынхо Черниавски ихьӡ зху амҩа Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден занашьоу, Жәлар рфорум активла иалахәыз, Аҟәа ақалақь раԥхьатәи арратә комендантс иҟаз Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵаразы аҳәара ҟарҵеит».
Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иколлегацәа-адепутатцәа аҳҭнықалақь ахадарахь иаарышьҭыз ари ашәҟәы мыцхәы идуум Черниавски ихьӡ зху амҩала инхо ауааԥсыра зегьы рнапы шаҵарҩыз азы адырра риҭеит. Иара Черниавски ихьӡ ақалақь ахсаалаҿы ишаанхо, избан акәзар амҩа ауп зыхьӡ рыԥсахуа, убри аан иара уааҵәҟьа иҟоу амҩабжьахала уаанӡа еиԥш уажәгьы атәылаҿацәҭҵааҩы, аԥсабараҭҵааҩы–азоолог Владимир Черниавски ихьӡ ахызаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Дмитри Осиа, Салыбеи Арӡынба (Ака) акомандаҟаҵаҩыс дызмаз абаталион Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраан Аҟәатәи ашьха аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа ирылахәын ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аринахыс Аԥсны Афырхаҵа ихьӡ зху амҩа ахьыҟало аҭыԥ алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа еицҿакны иарбоу амҩа ахьӡ аԥсахразы рыбжьы рҭиит.
Салыбеи (Ака) Зосим-иԥа Арӡынба – Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Амцахара» аԥҵаҩцәа дреиуоуп.
Диит жәабранмза 6, 1957 шықәсазы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан.
1973ш. Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол далгеит.
1975 – 1978 шш. Асовет Еидгыла Арра-Мшынтә Флот аҿы, Севастополь, аӡаҵаӷба аҿы арратә уалԥшьа наигӡон.
1978 – 1992 шш. абизнес инапы алакын.
1980 – 1982 шш. Баҭымтәи ахәаахәҭратә техникум аҿы аҵара иҵон.
1988 – 1992 шш. – Аԥсны Жәлар рфорум активла далахәын.
1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага инаркны, С.Дбар, М.Хәарҵкьиа, Г.Агрба дрыцны Гәымсҭатәи афронт аԥҵара далахәын.
Ажьырныҳәамза, хәажәкырамза, 1993 ш. – Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә операциақәа зегьы дрылахәын.
Мшаԥымза-цәыббрамза, 1993 ш. – еизаку абаталион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан (500-ҩык аибашьцәа инареиҳаны иаҵанакуан).
Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра ашьҭахь Аҟәа ақалақь раԥхьатәи арратә комендантс дыҟан.
Дыршьит Москва ақалақь, жәабранмза 3, 2003 шықәсазы. Иҭынхеит иԥшәмаԥҳәыси ԥшьҩык ихшаареи.