АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Цәыббра.2023

«Ихьыԥшым»: Ҭемыр Кусов Аахыҵ Уаԥстәыла иазкны адокументалтә фильм ҭихит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкуп урыстәылатәи ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, Урыстәылазегьтәи Аҳәынҭқарратә Ателерадиоеилахәыра аҿга Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра «Аланиа» адиректор, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Ҭемыр Кусов иҭихыз адокументалтә фильм «Ихьыԥшым». Уи  аӡыргара мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы.  

Афильм аҿы иаарԥшуп ареспублика ашьақәгылара аҭоурых, рыӡбахә ҳәоуп Аахыҵ Уаԥстылатәи Ареспублика ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ауаа, Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаразы игылаз Урыстәылатәи абжьаҟазыҩцәа.

Адокументалтә  фильм иалалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымразы ақәԥара апериодқәа зегьы ртәы зҳәо архивтә кадрқәа, иаарԥшуп имҩаԥысуаз ахҭысқәа зыблала избаз ауаа ргәалашәарақәа, аполитикцәа рыҿцәажәарақәа. 

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/7123-nezavisimaya-timur-kusov-snyal-dokumentalnyj-film-o-yuzhnoj-osetii.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 93 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 23:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.