АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2023

Урыстәылеи Аԥсни Рхадацәа реиԥылара, жьҭаарамза 4, Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ахаша, жьҭаарамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа диԥылараны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Кремль апресс-маҵзура. 

 

«Владимир Путини Урыстәыла аусуратә визитла иҟало Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аҩганк еицырзыфеидоу аусеицура анаҩстәи аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара», - ҳәа иаҳәоит адырраҭара аҟны.

Аслан Бжьаниеи Владимир Путини уаанӡатәи реиԥылара мҩаԥысит Шәача ақалақь, абҵарамза  12, 2020 шықәсазы. 

 

 


Read 256 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 22:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.