АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь, афотокорреспондент Андреи Соловиов дахьҭахаз аҭыԥ аҿы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы ақырҭуа снаипер ила иҭархаз Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов (07.10.1953 - 27.09.1993) игәалашәара анаунагӡатәра  азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аԥсны Афырхаҵа игәалашәара азы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылоит иара дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара – Владимир Аршба ихьӡ зху амҩала игылоу аҩны N53 аҿратә ган аҿы.

Андреи Соловиов ихьӡ анаунагӡатәразы аинициатива аазырԥшыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ауп.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Андреи Соловиов изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан. Иара иҭихыз аибашьра иазку акадрқәа  Аԥсны иззымдыруа, изымбац шамахамзар аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Иара иҭихыз афотосахьақәа рӷьырак Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵра иазку абаннерқәа ирнуп.  

Цәыббрамза 26 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы иаартын Андреи Соловиов иусумҭақәа рцәыргақәҵа.  

ИТАР-ТАСС анапхгара Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ала аԥсуа ган иазаанашьҭит цәыббрамза, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәраан иара иҟаиҵаз афотоҭыхымҭақәа.  

Ҳазҭоу ашықәс, жьҭаарамза 7 рзы  Андреи Соловиов иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 70 шықсәа. Амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара ари арыцхә инақәыршәаны иазԥхьагаҭоуп.

 


Read 285 times - Ахаша, 04 Жьҭаара 2023 12:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.