АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2023

Амҵәышәмпылтә команда «Спартак» Славианск-на-Кубани ақалақь аҿы имҩаԥысуаз иаарту атурнир «Ахьтәы ҭагалан» аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҵәышәмпылтә команда «Спартак» Славианск-на-Кубани ақалақь аҿы имҩаԥысуаз иаарту атурнир «Ахьтәы ҭагалан» аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Атурнир аҿы 2012 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аҭыԥҳацәа рыбжьара аицлабрақәа рхы аладырхәит ԥшь-командак: «Ростов», «Ростов-2», «Славянск-на-Кубани», «Спартак».

Атурнир аикәыршаратә системала имҩаԥысуан. Аҟәатәи амҵәышәмпыласыҩцәа  х-хәмаррак мҩаԥыргеит, зегьы рҿы аиааирақәа ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа апресс-маҵзура.

Атурнир иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаахеит Наала Гәынба. Аԥснытәи акоманда азыҟаиҵоит Николаи Гушьин.


Read 263 times - Ахаша, 04 Жьҭаара 2023 13:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.