«Краснодартәи атәылаҿацә атәылауаа Аԥснынтәи Евразиатәи Аекономикатә Еидгылара аҳазылхратә ҵакыра ахь амашьыналасқәа аларгалеит. Аҳазылхратә шәатәқәа ршәара аҽахгара хықәкыс иҟаҵаны дара аҳазылхратә усбарҭа ахь иԥаршеиу аусшәҟәқәа наргон. Урҭ инарықәыршәаны, ҩ-машьынак «LEXUS» машьынак «MERCEDES» жәларбжьаратәи аиагарақәа ирызку атранспорттә хархәагақәа раҳасабала адгалара мҩаԥган», – ҳәа иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәо иазгәеиҭеит аҳазылхра ауаажәларра рымадаразы аинспектор хада Инна Кирчева.
Имҩаԥгаз агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, аҳазылхра аусзуҩцәа, иарбоу ахаҿқәа изеиԥшразаалак жәларбжьаратәи аиагарақәа шынармыгӡоз, иаарԥшыз атранспорттә хархәагақәа рхатәы ҭаххрақәа рзы рхы ишадырхәоз шьақәдыргылеит.
Аҳәаанырцәтәи амаркақәа змоу амашьынақәа рымхра мҩаԥган. Урҭ аамҭалатәи амашьынаргыларҭа аҿы иргылоуп. Ихацыркыз аусеилыргарақәа рыла ишәамкәа иаанхаз аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵадыҵ 6 млн. мааҭ иреиҳауп.
Азин еилазгаз ауаа аҳазылхратә шәатәқәеи ахарԥаԥсақәеи ршәара мап ахьацәыркыз инамаданы, аӡбарҭа урҭ Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 194, ахәҭа 1 инақәыршәаны ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡаны атранспорттә хархәагақәа аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы рымхразы азыӡба аднакылеит.