Даҽа 11 млн 700 нызықь мааҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахәыҷбаҳчақәа рҿы акрыфара аиҿкааразы идәықәҵахоит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба, астатиацыԥхьаӡа аныхтәқәа рзы аилыркаарақәа ҟаиҵеит.
Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе имҩала игылоу амашәыр зхылҿиаар ауа аҩны №3 аҿы инхоз ауааԥсыра ахарҭәааратә шәатәқәа рызшәаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи зынӡа иазоужьхеит 300 млн. мааҭ.
Аибашьраҿы иҭахаз 1 441 ҭаацәареи аинвалидцәеи Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала зныктәи аматериалтә цхыраара роуеит.
Беслан Ешба иҟаиҵаз аинформациа ала, ақалақь абиуџьет аҟынтәи актәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәеи хәба-хәба нызықь мааҭ роуеит, аҩбатәи ахԥатәи агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа – хԥа-хԥа нызықь мааҭ роураны иҟоуп.
Ахәыҷбаҳчақәа рҿы ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа акрыфара аиҿкааразы афатә аалыҵқәа раахәаразы Аҟәа ақалақь Ахадара инацҵаны иаҳәеит 11 миллион 700 нызықь мааҭ азоужьра. Уи афатә аалыҵқәа рыхәԥса ахьазҳаз, насгьы ахәыҷбаҳчақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьацлаз иадҳәалоуп.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, ареспубликаҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа зегьы рҟынтәи аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы мацара ауп иахьа уажәраанӡа ахәыҷқәа рыҟазаара азы ахәԥса мызкахьы 300 мааҭ рҟынӡа иахьынаӡо ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аамҭазы егьырҭ ақалақьқәа рҿы уи 1000 мааҭ рҟынӡа инаӡахьеит.