АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Амшынеиқәа-кавказтәи арегион аҭоурыхи ҳаамҭазтәи аамҭеи рыпроблемақәа ирызку жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, жьҭаарамза 3 рзы, Аҟәа ақалақь, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаатит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵреи Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи иазкны Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Амшынеиқәа-кавказтәи арегион аҭоурыхи ҳаамҭазтәи аамҭеи рыпроблемақәа» аусура иалагеит.  

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа –  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Аџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аконференциа аартуа, Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба еизаз зегьы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса аҵреи Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15-шықәса ахыҵреи  рыдиныҳәалеит. 

Арда Ашәба Аԥсны аҭоурых аҿы иналукааша арыцхәқәа ирызкны жәларбжьаратәи аконференциақәа рымҩаԥгара акыр ҵуеит хра злоу традицианы ишьақәгылеижьҭеи ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ас еиԥш иҟоу анаукатә форумқәа ирыбзоураны ҳара аиҩызаратә атмосфера аҿы ҳгәаанагарақәа реибыҳәареи аиҿцәажәареи рзы алшара ҳауеит. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны, иааизакны Кавказ аҭоурых аспектқәа рацәаны раарԥшразы алшара аԥырҵоит», – ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.

Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

«Ари аконференциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира  Амш 30-шықәса ахыҵреи Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи иахьазку, уи иамоу аҵак ду арҵабыргуеит.

Зегьы раԥхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп аконференциа алахәылацәа реилазаара. Уи еиднакылеит еицырдыруа аҵарауаа, аҭҵаарадырыҩцәа, аекспертцәа, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа. Даара игәылҭәаау амшхәаԥштә, аконференциа алахәылацәа рԥышәеи рыхьӡ-рыԥшеи ҳасаб азуны аконференциа ауаажәларратә усхкы ала Аԥсны имҩаԥысуа акыр зҵазкуа анаукатә усмҩаԥгатәқәа иреиуоуп ҳәа уҳәар алшоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аслан Бжьаниа аконференциа иалаху зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Аконференциа амшхәаԥштә иалагалоуп аполитикатә ҭоурых иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәа, акультура, арегионалтә усеицура, Аԥсни Амшынеиқәа-Кавказтәи арегиони  ҳаамҭазтәи аамҭазы еиԥш ажәытәӡатәи аамҭеи абжьарашәышықәсатәи аамҭақәа рзы аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа.

Аконференциа апроблематика аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуази аԥсуа диаспори рлагала атема. 

  

Аконференциа алахәылацәа рахь адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба. Уи, цәыббрамза 30, 1993 шықәсеи нанҳәамза 26, 2008 шықәсеи аҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа рыцхәқәаны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Лаша Ашәба анаукатә конференциа аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аусмҩаԥгатә аиҿкааразы, иара убас уи алахәылацәа зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.  

Аусмҩаԥгатә аҿы ари аҽны иара убас иқәгылеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аполковник Давид Бжьаниа. Уи атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.   

«Мышқәак раԥхьа Аԥсны иазгәарҭеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵреи Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи  рымшныҳәа.

Арҭ ахҭысқәа аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәқәаны иҟоуп. Арҭ амшқәа рзы ҳара ҷыдала иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаараҿы  Аԥсадгьыл ахьчара зегьы ирыцку, апатриот иашақәа, ҳтәыла зыхьчаз, Аиааира ҳзаазгаз   ауаа», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.

Давид Бжьаниа аконференциа иалаху алҵшәа бзиақәа раарԥшреи рнапы злаку анаука-практикатә усура аҿы ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

«Шәусура ҳтәыла иазеиӷьу алҵшәақәа аанарԥшааит», - ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Давид Бжьаниа.

Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика ажәларқәа рбызшәақәа рыҭҵаара Ацентр адиректор, У. Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқесстәи Аҳәынҭқарратә Университет черқесстәи абазатәи афилологиа апрофессор Сергеи Пазов, иахьатәи аконференациа есымша иҿоу Аԥсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа, аԥеиԥш иадҳәалоу ахҭысқәа иреиуоу ахҭысқәа ирызкуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара аконференциа алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит. Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Урыстәыла аҭоурых акафедра  анапхгаҩы, Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә  Университет Агуманитартә Институт адиректор Марина Колесникова Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә Университет аректор иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  

Аԥсны Афырхаҵа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, Мзиа Беиа иазгәалҭеит:

«Ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы шәара аӡәырҩы, мамзаргьы шәрегионқәа рхаҭарнакцәа рыжәҩахыр еибыҭа иҳавагылан, адгылареи ацхыраареи ҳарҭон.  Аиашьаратә цхыраареи аиҩызаратә дгылареи аӷа иҿагыланы зыԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ҳара зегьы ҳгәы шьҭнахуан. Еиҳарак  уамыргәырӷьар залшом усҟан аиҩызара ҳзызуз иахьагьы иахьҳавагылоу, ҳаимабзиаратәи ҳаиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа ессааира иахьыӷәӷәахо. Алада-Кавказ агеополитиатә ҭагылазаашьа  ахаангьы имариамызт. Иара уажәгьы ҳрегион аҿы иуадаҩу еиҿагыло апроцессқәа мҩаԥысуеит, аха иналукааша аҵарауааи аполитикатә усзуҩцәеи злаху анаукатә усмҩаԥгатә еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа, иҳаҩсыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуаз аҭоурыхтә процессқәа  ркәама-ҵамақәа реилкаареи анализ азуреи рыдагьы, ҳара ҳаиԥш ҳаамышьҭахь еиҵагыло абиԥарақәагьы ирыдыркыланы иҟоу аӡбамҭақәа рхырхарҭақәа реилкаареи рганахьала хәызмам ацхыраара шарҭо агәра ганы сыҟоуп», – ҳәа илҳәеит лара. Мзиа Беиа аконференциа алахәылацәа ирзеиӷьалшьеит алҵшәа бзиа аазыршуа аусуреи аманшәалареи.

«Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа хашҭра рықәым. Ҳажәлар ирывагыланы ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчаз, Аиааира ҳзаазгаз зегьы ргәалашара наунагӡоуп!» – ҳәа лажәа хыркәшо иазгәалҭеит Мзиа Беиа.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, жьҭаарамза 2 рзы, Мгәыӡырхәа ақыҭан, аетнопарк «Аԥсны» иахьҵанакуа  аԥсуа диаспора 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы рлагала иазкны астол гьежь «Аԥсуаа зегьы ҳхада Владислав Арӡынба – иахьатәи ҳҳәынҭқарра абираҟ» мҩаԥысит.

 

 

 


Read 136 times - Аԥшьаша, 05 Жьҭаара 2023 15:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.