АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа: Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, адыррақәа рыҭараҿы, абиԥара ҿыцқәа рышьақәнылараҿы, Аԥсны аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны ишәылшо рацәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 05, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Арҵаҩы имш - зеиӷьыҟам мшуп арҵаҩцәа рџьабаа агәаларшәаразы.

Шәзанааҭ аҵакы, шәхы-шәыԥсы шәамеигӡакәа имҩаԥыжәго шәусура ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа рнаҩс, иреиҳау аҩаӡарахь амҩа ианышәҵоит. Шәара ишәыбзоураны аӡәырҩы аԥсҭазаараҿы рхатә ҭыԥ алырхуеит, ихьӡырҳәаганы иҟалоит дасу иалырхуа рзанааҭқәа рыҟны. Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, адыррақәа рыҭараҿы, абиԥара ҿыцқәа рышьақәнылараҿы, Аԥсны аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны ишәылшо рацәоуп.

Арҵаҩцәа зегьы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, иаашәырԥшуа агәацԥыҳәаразы, ачҳаразы, шәусура ҭакԥхықәрала, ламысцқьала шәахьазнеиуазы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, ачҳара, шәнапы злаку аус ԥшьаҿы аихьӡарақәа.

 

 


Read 436 times - Аԥшьаша, 05 Жьҭаара 2023 15:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.