Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Арҵаҩы имш!
Ахәыҷра ашықәсқәа раан ауаҩы иоуа адыррақәа аҵак ду рымоуп. Убри аҟнытә ҳара ҳзы арҵаҩы иџьабаа ахә дууп. Арҵаҩы изанааҭтәи иуаҩытәҩсатәи ҟазшьақәа ҳтәыла уаҵәтәи амш ашьақәгылараҟны ирыӡбо рацәоуп.
Ҳара ҳрызгәдууп 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан абџьар кны Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы игылаз арҵаҩцәа. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит апатриотцәа, иара убас аибашьра афырхацәа еиҵазааӡаз арҵаҩцәа.
Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ԥсахрада шәзанааҭ иазыжәуа амаҵ азы, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан еиԥҟьарада Аԥсны абиԥара ҿыцқәа рааӡара иазкыз аусура ахьымҩаԥыжәгоз.
Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицакра зқәым агәамч, агәацԥыҳәара».