АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агара азы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агара азы аҽырыҩрақәа  мҩаԥысуеит.

Аицлабрақәа мҩаԥгахоит –  1000, 1200, 1600 (2-ҽырыҩрак), 2000, 2400, 3200 метр рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы. Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа ахәаԥшцәа иддырбараны иҟоуп ҽыла ашьапылампыласреи адротикқәа рыршәреи реиԥш иҟоу аҽыбӷаҟазараспорттә еиндаҭларақәа.

Аҽыбӷаҟазарапорттә ныҳәа алагоит асааҭ 09:00 рзы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациеи.    

 

 


Read 505 times - Аԥшьаша, 05 Жьҭаара 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.