7шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыыбжьара актәи аҭыԥқәа ргеит Саиат Шамба (ақ. Аҟәа), Алиса Осипова (ақ. Гагра), аҩбатәи аҭыԥқәа - Давид Тҟьебучаа (ақ. Аҟәа), Адель Папба (ақ.Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит - Глеб Хьынҭәба (ақ. Гәдоуҭа), Леона Лашәриа (ақ.Аҟәа).
8 шықәса зхымҵыц ашахматистцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ргеит - Леон Ҵәыџьба (ақ. Аҟәа), Лаура Аргәын (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Арман Сгоциан (ақ. Аҟәа), Илариа Саманба (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Даниель Бганба (ақ.Аҟәа), Сара Лазарева (ақ. Гәдоуҭа).
9 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла), Саниа Сақаниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Кристиан Конџьариа (ақ.Гәдоуҭа), Амира Агрба (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Даниил Кузнецов (ақ.Гәдоуҭа), Емили Гәылариа (ақ.Гәдоуҭа).
12 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Георги Георгииан (ақ. Гагра), Дариа Шалина (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), Мирра Смыр (ақ. Афон Ҿыц), аџьазтә аԥхьахә ргеит - Герман Жирков (ақ. Аҟәа), Софиа Ельшаер (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Атурнир мҩаԥысит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы адгыларала.
Ԥхынҷкәынмза 16 рзы имҩаԥысит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа есышықәсатәи аконференциа.
Карапетиан Альберт Иура-иԥа Ареспублика Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩыс далырхит.