Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа ацәыргақәҵа иалахәыз зегьы аиааирагаҩцәоуп ҳәа иазгәеиҭеит:
«Есышықәса еиҿкаахо аихшьаалатә цәыргақәҵа «Ашықәсан иреиӷьу аусумҭа» ҳҿар рзы акырӡа аанагоит. Иаҳҭахын уи еиҳа асахьаҭыхыҩцәа рхы аладырхәларц, избан акәзар ҳара даара абаҩхатәра злоу аҿар, асахьаҭыхыҩцәа рабиԥара ҿыц ҳамоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Витали Џьениа.
Анаҩс Витали Џьениа х-ҩык аиааира згаз рыхьӡқәа иҳәеит:
«Ҳара ҳжиури аӡбамҭала иалкаахеит иреиӷьу х-усумҭак. Актәи аҭыԥ ааникылеит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа атриптих «Анатиурморт» азы, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - аскульптор Амиран Адлеиба аскульптура «Аԥсы акра» (Стеснение души») азы, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит асахьаҭыхыҩ Диана Хьынҭәба зеиӷьаҟам асахьа «Амшын аԥшаҳәа» («Набережная») азы.
Диана Хьынҭәба ажиури алахәылацәа лусумҭа ахьазгәарҭаз азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Сара даара сгәы иаахәеит имаӡоу абжьыҭирала сара сусумҭа ахьалкаахаз. Иазгәасҭарц сҭахуп, алахәылацәа зегьы аферымқәа роуп, избан акәзар урҭ арҿиаратә усура иацырҵоит, убла хызкуа аусумҭа ҟаимаҭқәа аԥырҵоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Асахьаркыратә ҵараиурҭа аҵаратә ҟәша аиҳабы Лариса Џьопуа ари ацәыргақәаҵа илызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы лҳәеит:
«Иахьатәи ацәыргақәҵа зхы алазырхәуа реиҳараҩык ма ҳара ҳарҵаҩцәа роуп, мамзаргьы ҳҵараиурҭа астудентцәа роуп. Сара урҭ срызгәдууп. Асахьақәа зегьы ԥштәы рацәала еилоуп, урҭ иахьа аӡынтәи аамҭахәҭа ҳашҭагылоугьы, аԥсабараҿы зегьы анҿыхо, зегьы анышәҭуа ааԥын угәаладыршәоит, угәалаҟазаара шьҭырхуеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Акультура Аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит асахьаҭыхыҩцәа Илиа Ҵәыџьбеи Аԥшьа Ҳагбеи.
Апремиа анашьара абар шьҭа 22 шықәса рыҩныҵҟа имҩаԥсуеит. Уи аԥҵан 2001 шықәсазы. Аиааира згаз аконкурс акомиссиа алахәылацәа имаӡоу рыбжьыҭирала далкаахоит.
Ацәыргақәҵа аҭааразы иаартхоит ԥхынҷкәынмза 28 аҟынӡа.