
pressadmin-2
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Алада арратә Округ аруаа акциа “Ицқьоу аҟәара” мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Алада арратә Округ аруаа иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара Адунеизегьтәи Амш азы амшын аԥшаҳәа аҵакыра агәам-сам аҟынтәи арыцқьара иазкыз акциа “Ицқьоу аҟәара” мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Алада-арратә Округ апресс-маҵзура.
Аекологиатә десант Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рҿы 50 квадраттә метра рҟынӡа инаӡо амшын аԥшаҳәа иаԥну арратә ҽазыҟаҵарақәа рполигонқәа рҵакырақәа рҿы аиҳарак апластик злоу агәам-сам аҟынтәи арыцқьара мҩаԥыргеит.
Аруаа Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ацәаҳәа ала аҟәара аҿы еиԥш аӡы аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит.
Аԥсны атәылауаҩ аԥыԥшырҭа “Ԥсоу” аҿы анаркотикатә маҭәашьар "мефедрон" идырбалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьауӷаԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны атәылауаҩ даанкыланы Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьауӷаԥшаара аҟәша ахь днаргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Хәымз рыла ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 1 млрд 593,5 млн. мааҭ.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2023 шықәса рзы 287,5 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала ашәахтә шәатәқәа раҳасабала атәыла абиуџьеҭ иалагалахаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 327,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Лаҵарамзазы аплан анагӡара 114% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит аҟны.
2023 шықәса хәымз ирылагӡаны атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 1 млрд 593,5 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала ишьақәырӷәӷәан 1 млрд. 201,1 млн. мааҭ. Убас ала аплан анагӡара 133% рҟынӡа инаӡоит.
Лаҵарамза, 2023 шықәсазы аҳазылхратә шәатәқәа рыплан 116% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2023 шықәсазы 233,1 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иҟаҵаз аҳазылхратә шәатәқәа 270,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, лаҵарамзазы аплан 116% рыла инагӡахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.
Иҳаҩсыз ашықәс, лаҵарамза арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 23,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, лаҵарамза, 2022 шықәсазы уи – 223,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Сарида Лакәатаа ирласу ашахматқәа рзы аицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анатоли Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматқәа рышкол ааӡамҭа Сарида Лакәатааԥҳа аҳәса рыбжьара ирласу ашахматқәа рзы аицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа абар шьҭа ҩымшуп Риҵатәи аҩхаа аҿы Адгәыр Бгеу иԥшаара иаҿыижьҭеи.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа абар шьҭа ҩымшуп Риҵатәи аҩхаа аҿы 1997 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Бгеу Адгәыр Витали-иԥа иԥшаара иаҿыижьҭеи.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уи аԥхьа Риҵатәи аҩхаа аҿы, аӡиасқәа Бзыԥи Гегеи ахьеилало аҭыԥаҿы ирыԥшааит амҩаду аҟынтәи аӡиас аӡыршьҭра иҭаҳаз автомашьына «Hyundai Accent».
Аԥсны иҿыцу даҽа заанаҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҿыцу даҽа заанаҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит.
Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламнттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Аилатәараҿы иахәаԥшит «Аԥны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.
Уажәы излацәажәо азанааҭтә ныҳәақәа: лаҵарамза 17 – Аԥсны аҳәынҭқарра Адипломатиатә Маҵзура Амш; рышьақәыргылара азҵаара ауп. Рашәарамза 10 – Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика аусзуҩ Имш; Ԥхынгәымза 4 – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиқәырхаҩ Имш.
Урыстәылатәи атуристтә операторцәа уажәы Урыстәыла атәылауаа аԥсшьаразы еиҳа иалырхуа атәылақәа алыркааит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә операторцәа Рассоциациа иалнакааит Урыстәыла атәылауаа аԥсшьаразы еиҳа иалырхуа атәылақәа. Урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцә аԥсшьара ахәԥса 50% рыла иахьазҳаз митәык хьаас иҟамҵакәа рыԥсшьара азԥхьагәарҭоит.
Убас Ҭырқәтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит. Араҟа аԥсшьаразы ибжьаратәу ахәԥса 265 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Рашәарамза 1 инаркны авидеосервис Wink аҿы афильм «Чик ихәыҷра» ахәаԥшразы алшара ҟалоит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамзазы иҟало «Ростелеком» ацифратә видеосервис Wink аԥхьарбарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп афильм «Чик ихәыҷра» аԥхьарбара.
Арежиссиор Аслан Галазов ифильм «Чик ихәыҷра» 2021 шықәсазы иҭыхын.
Ароль хадақәа нарыгӡоит Давид Ҵулукиа, Баҭраз Засеев, Милана Ломиа, Лавренти Ахба, Изольда Аруха, Алхас Шамба, Гарри Џьынџьал, Баҭал Кобахьиа, Николаус Мавроматидис, Џьамбул Жорданиа.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамырхит.
Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәылбыҽха, рашәарамза 1 азы, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аӡымҽхак аҿы 1981 шықәсазы ииз, аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын аҟәара ишҿықәнажьлоз гәарҭеит. Урҭ иаразнак аԥсеиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа адырра шаароузҵәҟьа, иаразнак 21 сааҭи 55 минуҭи рзы аҭыԥ аҿы инеит», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.