Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Басла аӡиас иху «Ацҳа Ҟаԥшь» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит. Цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа ақалақь Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 30-шықәса ахыҵра аҽны, аусурақәа зегьы хыркәшахоит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, ари ацҳа аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа ирыҵанакуеит, насгьы иҷыдоу асимволтә ҵакы амоуп, избан акәзар, араҟоуп, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа раԥхьатәи аӷа иҿагылара ахьымҩаԥыргаз.
Аспециалистцәа ацҳа абаркьылқәа аԥслымӡкылҟьатә аусдулара мҩаԥыргеит, ажәытә шәыгеи алаки рҟынтәи идрыцқьеит, адекор аелементқәа еиҭашьақәдыргылеит, ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ирчаԥеит, афонартә шьаҟа ҿыцқәа дыргылеит, афымцамҩангага цәаҳәақәа ҿыцқәа наргеит. Ацҳа амаакырақәа ашәыга ҟаԥшь ала иршәит.