Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь акультура-усуратә плошьадка «Гәыма» аҿы Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵреи ирызку ацәыргақәҵа «Афырхаҵа игара» аатит.
Аекспозициаҿы ицәыргоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз 30-ҩык аибашьцәа ргарақәа, иара убас аибашьра аамҭа иаҵанакуа афотосахьақәа.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа, ари – Гәдоуҭа иҟоу, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа роуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Араҟа ицәыргақәҵоуп акыр абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу агарақәа. Иҟоуп иара убас 100 шықәса еиҳаны изхыҵхьоу агарагьы, уи Ҭаниаа рҭаацәара иатәуп. Уи иааӡеит ҩыџьа Аԥсны Афырхацәа, аиашьеи аиаҳәшьеи – Игори Маринеи Ҭаниаа, урҭ аибашьраҿы иҭахеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Есма Кәыҵниаԥҳа.
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба, даара иуадаҩуп иахьа анацәа рыблақәа ҳархыԥшыло рхәыҷқәа зларааӡоз агарақәа рыӡбахә ахьырҳәо азыӡырыҩра, урҭ дара ирымхны ацәыргақәҵахь инагара, аха уи аҭоурых азы ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Аԥсуа гара - ари ҳара ҳтоурых, ҳлахьынҵа, ҳмазара ауп. Арҭ агарақәа аԥсуа фырхацәа рааӡеит», - лҳәеит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Лара арҭ агарақәа зтәыз рыхьӡқәа лҳәеит.
Аекспозициа иҳаҩсыз ашықәс азы Гәдоуҭа ақалақь амузеи аҿы ицәыргақәҵан.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Ацәыргақәҵа ҩымш аус аулоит, цәыббрамза 21 азгьы уи аҭааҩцәа аҭаара рылшоит.