АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2023

Аԥсны атәылауаҩ идырбалеит иагьимырхит зыкапан 100 грамм рҟынӡа инаӡо каннабис ҳәа изышьҭоу арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаахкы.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маҷара ақыҭан апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан абнара иахьаҵанакуа даанкылахеит  Меликиан Руслан Гунтер-иԥа. Ари ақыҭаҿы инхо, 1968 шықәса рзы ииз ахаҵа, анаҩс Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәа идырбалаз, имырхыз арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаа иҵәахны иман,ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иаанкылаз ахаҵа иҩны аҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгараан, амилициа аусзуҩцәа Меликиан Руслан иуҭраҿы еиҭаҳаны имаз арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиааи, иара убас ирҩаны иҟаз   аиԥш-зеиԥшу аҵиаагьы рыԥшааит.  Иҭаҵәахыз аҭра аҟынтәи ицәырган анапылатә граната Ф1 акорпус. Уи атехникатә ҟазшьақәа рыла аус ауеит ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Аҩны аҩбатәи аихагылаҿы убасҵәҟьа ирыԥшааит арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиааи, иара убас ирҩаны, ирххны  иҟаз   аиԥш-зеиԥшу аҵиаа зҭаз аилаҳәарагьы.

Аекспертцәа излашьақәдыргылаз ала, Руслан Меликиан имхыз амаҭәашьарқәа зыкапан 100 грамм рҟынӡа инаӡо каннабис ҳәа изышьҭоу арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаахкы ауп. Убри аан иара Руслан Меликиан ихаҭа арҩышьыга маҭәашьар идкыланы дыҟан ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Руслан Меликиану ашьустә хьырхәра адҵара азԥхьагәазҭо, анаҩ аиҭарсразы агәҭакы имамкәа зыкапан ҷыдала идуу анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аҵәахра, арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаақәа мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раарыхра, иара убас аџьаԥҳаны изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи.  

Руслан Меликиан иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223, ахәҭа 3, ахәҭаҷ  228, ахәҭа 1, ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 инақәыршәаны ихаҵырку ауеилыргара аилыргара мҩаԥнагоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра араионтә ҟәша аусеилыргаратә гәыԥ. 

 


Read 138 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.