АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аҿы аусуратә персонал азымхара ыҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа шықәсык еиҳаны Аҟәа ақалақь Ахадара афинанстә цхыраара иабзоураны Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аус ауеит ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа.

Ари ахынкыдкыларҭа анапхгаҩы Виола Берзениа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо, иахьазы араҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уадаҩрақәас иҟоу дрылацәжәеит.

Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аргыларазы аидеиа агәыҳалалратә фонд «Агәыӷра» аҿы ицәырҵит. Уи адгылара аиуит аҳҭнықалақь Ахадара аҿы.  

«Ас еиԥш иҟоу алақәа рзы иҷыдоу аҭыԥ аԥҵара ахымԥадатәра Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы хылаԥшрада адәы иқәхаз алақәа зхыԥхьаӡара акыр аизҳара иадҳәалахеит. Шәареи ҳареи зегьы иҳамбар залшаӡоим урҭ рхыԥхьаӡара есааира ишазҳауа. Ари апроблема иахьа уажәраанӡагьы актуалра шаҵац иаанхоит. Излауа ала, маҷк иадамзаргьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа армариара хықәкыс иҟаҵаны, иргылан ари аԥстәқәа рхыҵакырҭа. Ҳара иаҳзоурыжьит Ӡыгәҭа ақыҭан атерриториа, анаҩс араҟа аргыларатә усурақәа ирылагеит. Иахьазы араҟа иҟоуп 45 рҟынӡа алақәа,  16 волиер – 15 идуу, акы - ихәуҷу. Аволиерқәа зегьы ҭәуп, аҭыԥ ҳазхаӡом, ҿыц аԥстәқәа рыдкыларазы алшара ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара.

Араантәи аԥстәқәа анырго лассы-лассы иҟалалома, ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Виола еиҳа ирго ашьацқьа злоу алақәа роуп, егьырҭ бжеиҳан аӡәгьы иҭахӡамкәа ианнхоит, ҳәа иазгәалҭеит.  

«Ҳара иҳақәшәон анемецтә овчарка, курцхар, доберман, уҳәа ашьацқьа злоу ажәла змоу алақәа – урҭ иаразнак еимҵәаны иргоит.  Егьырҭ, аҩны ахьчараҿы аума, ауаҩы гәыкала изыҟзаара аганахьала аума  џьара акала ишеицәамгьы араҟа иаанхоит. Ҳлақәа зегьы алаҵа рымоуп, рцәаҿы аԥхасҭа зырҿио аӡқәеи апаҿа қәеи рҟынтәи иахәҭоу амаҭәашьарқәа рыла аус рыдулоуп», - ҳәа илҳәеит лара.  

Уажәы ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аҿы аусуратә персонал ӷәӷәала азымхара ыҟоуп. 

«Раԥхьа ҳара аперсонал азымхара ҳамаӡамызт, активла иҳацхраауан аволонтиорцәагьы. Аԥстәқәа рхынкыдкыларҭа аартра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аштат аҿы дыҟан аветеринар, иҟан иара убас ҩыџьа аусзуҩцәа, урҭ алақәа крырҿаҵареи аволиерқәа рҿы аилыргареи иазкын. Есышьжьымҭан арахь иааны алақәа ирыхәаԥшуан, ирхылаԥшуан, аволиерқәа еилдыргон, алақәаа лшьапы еиҵырхырц азы иҭахкаау аҵакыраҿы ҳамҭакы иоурыжьҭуан», - ҳәа еиҭалҳәеит Виола Берзениа

Уажәы акәзар, алақәа ирхылаԥшуа ҳәа иҳамоу аӡәы заҵәык иоуп, иара уигьы аҽыхәышәтәразы аамҭала ацара игәы иҭоуп.

«Ҳара ҳахьыҟоу ақыҭауаа аусура рыдаагалоит, 15 нызықь мааҭ рҟынӡа аулафахәы шырзаҳшәало ҳҳәеит, аха урҭ уи мап ацәыркуеит. Аволонтиорцәагьы ҳацхраара иаҟәыҵит, избан акәзар ари аԥстәқәа рхынкыдкыларҭа ақалақь иацәыхараны иҟоуп», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Иахьа араҟа даҳҭахуп аветеринар, иара убас алақәа ирхылаԥшуа ауаагьы.

«Сыԥшәмеи сареи ҳацхырааҩи алақәа иахәҭоу абара рыҭара ҳҽазаҳшәоит.             Аперсонал иманшәалоу русура азы иахәҭоу зегьы ҳамоуп –  екстерла аԥстәқәа ацхыраара рыҭаразы аоперациақәа руада», – ҳәа илҳәеит ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа анапхгаҩы.

Лара иҭабуп лҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа ҳмҭас ирырҭаз архьшашәага азы.  Уи ахәшәқәа ҭарҵалоит. 

«Аԥстәқәа рыкрыфара аганахьала уадаҩра ҳамаӡам, аха ахәшәқәа рзымхара ҳныԥшуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа абасала ацхыраара ауҭар ҟалоит: афатәи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи рнагара, иара убас аволиер иҭаку алақәа лшьапы еиҵырхырц азы иҭахкаау аҵакыраҿы ҳамҭакы иоужьны рхылашра ала.

 

 

 


Read 160 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 08:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.