АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 21 инаркны 29-нӡа Аԥсны имҩаԥыслоит апленертә ҟазара Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-конкурс.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 21 инаркны 29-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Евразиатәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла (ЕХС) урыстәылатәи аҟәша иҟанаҵаз адгыларала Аԥсны имҩаԥнагалоит апленертә ҟазара Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-конкурс.

Ари аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿыханҵа азы амастер-классқәа мҩаԥгахоит, урҭ рхы аладырхәырц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы – ҿыц аҿиарамҩа ианыло асахьаҭыхыҩцәа реиԥш апрофессионалцәагьы.

Пленерқәа мҩаԥгахоит Гагра, Пицунда, аӡиа Риҵа аҿы, Афон Ҿыци Ҭҟәарчали.

Апленер алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Урыстәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфик, аскульптор, аиллиустратор, адизаинер, аурыс культура Амузеи ашьаҭаркҩи анапхгаҩи Леонид Федорович; Евразиатәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аинформациатә ҟәша анапхгаҩы Алиона Ковалиова; Евразиатәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, аҟазараҭҵара адоктор Наталиа Барсукова; Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Елена Болотских, ЕАР Апрезидиум алахәыла Аркади Бабич; ашәҟәыҩҩы, аныҟәаҩ, ижәытәӡоу ацивилизациақәа рыҭҵаарадырҩы, африканист Виачеслав Климов, Урыстәылатәи Афедерациа асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәылацәа Алеқсандр Бондаренко, Радик Камбулатов, уҳәа убас егьырҭгьы.  


Read 188 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 07:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.