АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Ҟабарда-Балкариантәи иааны Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иаауеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 200-ҩык инареиҳаны ԥсшьараҳәа Нальчик ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит.  Уи, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа роуп. Дара иара убас рыуацәа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа ирҭаауеит, Аԥсны Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит.

Нальчик ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны аплошьад аҿы еизеит аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа рыуацәа, анапхгареи ауаажәларратә еиҿаарақәеи рхаҭарнакцәа. Урҭ 1992 – 1993 шш. рзы бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан аиашьаратә республика ахақәиҭра иазықәԥоз ргәалашәаразы иргылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, амитинг мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  «Вести Кабардино-Балкарии».

Усҟан Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны ахьчаразы 59-ҩык ҭахеит.  

Кенже ақалақь аҟынтәи Мадина Гучева лашьа 1992 шықәсазы аԥсуа-қырҭуатә еибашьраҿы дҭахеит. Иҭаацәа шықәсык еиҳаны Мураҭ иԥсыбаҩ аԥшаара иаҿын. Аҵыхәтәаны урҭ ирылшеит иԥсыбаҩ ԥшааны иԥсадгьыл аҿы анышә амадара.

Мадина Гучева, егьырҭ аӡәырҩы реиԥш, ареспублика анапхгара ааԥхьарала Аԥсныҟа даауеит.


Read 122 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 07:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.