АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Аҟәатәи ашколқәа 8 – 9-тәи аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа рзыршеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра 8 – 9-тәи аклассқәа рзы 32 нызықь инарзынаԥшуа арҵагашәҟәқәа рзоунажьит. Аҵара аминистр Инал Габлиа иарбан маҭәарқәеи урҭ зызкхои ртәы далацәажәеит.  

«Иахьа 8-9 аклассқәа рзы  32 749  екземплиар рҟынӡа инаӡо даҽа партиак ааит. Уи аурыс бызшәеи алитературеи, Урыстәыла аҭоурыхи алгебреи рзы арҵагашәҟәқәа роуп», - ҳәа еиҭеиҳәеит аминистр.

Уи арҭ арҵагашәҟәқәа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рзы даара ицхыраагӡа дуухоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара Урыстәыла аҵара Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара даара ҳаҭыр ақәысҵоит. Арҵагашәҟәқәа раахәара иақәхарџьхеит 22 млн 500 нызықь мааҭ. Ари уажәы иаахьоу рҟынтәи ахԥатәи апартиа ауп. Иахьа инаркны ҳара ашәҟәқәа ашколқәа рызшара ҳалагоит, ҳазхәыцуеит аринахысгьы ашәҟәқәа раагара шалыршахо атәы», – ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.

Арҵагашәҟәқәа рыҭара аҟәатәи ашколқәа рыла иалагеит, урҭ роуеит иара убас араионқәа рышколқәа зегьы.

Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны уаанӡа ашколтә рҵагашәҟәқәа рганахьала ӷәӷәала разымхара ыҟан.

«Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара ашколқәа ирзаҳшеит  1-7, 10-11 аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа. Уажәы Урыстәыла Анапхгареи аҵара Аминистрреи афонд «Русский мир», иара убас ҳара ҳнапхгареи  рыбзоурала иааҳгеит арҵагашәҟәқәа ахԥатәи апартиа.  Ашәҟәқәа рыхәԥса ҳаракуп, лассы-лассы ахәыҷқәа, аиҳарак ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рзы ашәҟәқәа раахәара рцәыуадаҩуп, урҭ рыхәԥса зегьы ирзышьҭыхӡом», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Иара ахәыҷқәа ҭакԥхықәрала еиҷаҳаны рырҵагашәҟәқәа ишрызныҟәало азы агәыӷра ааирԥшит.

Инал Габлиа, арҵаҩы иоума, иара адиректор иоума, аҵаҩцәа егьырҭ арҵагашәҟәқәа раахәара рыдгалара азин рымаӡам ҳәа  ҷыдала иазгәеиҭеит.  

«Ареспублика ашколқәа зегьы рҿы ахархәара рымазароуп Аминистрра ала ирзоужьу ашәҟәқәа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа.


Read 232 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 22:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.