АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Нхыҵ Кавказтәи ареспублика аҟынтәи 850-ҩык рҟынӡа асасцәа Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьессиа, Ҟабарда-Балкариа, Чечентәи Ареспублика, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз, иара убас урҭ рҭаацәеи   аԥсшьареи Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхареи рзы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.

Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибышьуаз рымадара азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Нхыҵ Кавказтәи ареспублика аҟынтәи 850-ҩык рҟынӡа асасцәа Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аиҳараҩык аахьеит. Иҟоуп амҩа иқәугьы, зынӡа иааизакны ҳара 850-ҩык раара ҳазыԥшуп. Асасцәа нырхахоит Аҟәа ақалақь – асасааирҭа «Аԥсынтәыла» (ԥыхьатәи асанатори МВО), иара убас акурорт Пицунда аҿы», - ҳәа иҳәеит Рисмаг Аџьынџьал.

Уи иара убас Аиааира Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа аурыс хатәгәаԥхарауааи аказакцәеи рхы аладырхәуеит ҳәа иҳәеит.


Read 196 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 21:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.