АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Аҟәа ақалақь аҿы самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 22 – 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы  самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Аиааира Ахраҿа» мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Жәларбжьаратәи атурнир аибашьцәа-аинтернационалистцәеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара  30-шықәса аҵреи иазкуп. Аицлабрақәа мҩаԥгахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәеи 2008-2010, 2011-2013 шықәсқәа рзы ииз аҭыԥҳацәеи.  

Атурнир аныҳәатә аартра мҩаԥгахоит цәыббрамза 22, асааҭ 11:00 рзы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилаки Аԥсны самбо азы Афедерациеи.


Read 153 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 20:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.