Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭаахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иԥа! Ари аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәара шәиубилеи – 75-тәи шәира Амш инамаданы, гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара шәыдышәкылар ҳҭахуп.!
Абиблиотекатә ус аҿы зеиӷьаҟам аспециалист, Амилаҭтә библиотека афонд аизакреи арҭбаареи рызҵаарақәа аӡбара активла иалаху, аиҿкааҩ бзиа, анапхгаҩы иаша, Шәара шәҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп ахақәкынагӡара, алак-ҩакрада, аамсҭашәара. Шәара шәнапхгарала Амилаҭтә библиотека аиашазы амилаҭтә информациатә центрны, ҳажәлар ркультуратә хәдуқәа рыҵәахырҭаны иҟалеит».
Даур Ақаҩба, Борис Ҷолариа инаигӡо иусура абзоурала абиблиотека жәларбжьаратәи аимадарақәа рҳәаа акыр аҽарҭбааит, еиуеиԥшым аинтерес зҵоу апроектқәа қәҿиарала рынагӡара алыршахоит ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит.
Аминистр аиубилиар изеиӷьаишьеит иҿыцу арҿиаратә еихьӡарақәа, аусураҿы ақәҿиара дуқәа, агәабзиара, аизҳазыӷьара, аԥсуа ишықәснҵыра ду.