pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцамч усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахьа имҩаԥигаз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Рамин Зингишвили, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор Леуан Мебониеи аӡфымцатә Станциа анџьныр хада  Гииа  Хубуеи.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла ихыркәшахеит Аԥсны акультура Амшқәа.

Акультура Амшқәа рхыркәшара Ацеремониа мҩаԥысуан К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аныҳәатә концерт иаҭааит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев, АУА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алан Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Мараҭ Кулахметов, АУА иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ  Алан Елбакиев, АУА акультура аминистр Рада Ӡагоева, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба напхгара зиҭо аделегациа.

 Аконцерттә программа аатит аԥсуа естрада артистцәа  - Хьыбла Мықәба, Анзор Адлеиба, Џьимми Шумениа, Авто Конџьариа, Артур Лакрба рықәгыларақәа рыла.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль акәашаҩцәа ауаԥс кәашара «Хонга» нарыгӡеит.

Акомплимент аҳасабала аҳәынҭқарратә ансамбль ахор «Симд» ашәа «Риҵа» аԥсышәалеи ауаԥс бызшәалеи инарыгӡеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада Алан Гаглоев, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи жәытә-натә аахыс  ҭоурыхла еимадоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Ҳара ҳаицны - мышки шықәсыки рзы – ҳастратегиатә партниор – Урыстәыла Дуӡӡа аганахьала ҳҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра азхаҵара ҳауит. Аҭоурых аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит иахьеи уаҵәи, есымшеи ҳаицызарц азы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура аминистр Рада Ӡагоева, лаҵарамза 31 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭак аҳасабала Аԥсны иаҭаауеит ҳәа адырра ҟалҵеит.  

«Аҟәа ақалақь аҿы рырҿиамҭа ахәаԥшцәа иддырбоит К. Хетагуров ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театри Б. Галаев ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ансамбль  «Симд» артистцәа», - ҳәа иҳәеит иара.

 

 

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа «Лыхнашҭа» имҩаԥгоу ацәгьоура инамаданы аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа «Лыхнашҭа» имҩаԥгоу ацәгьоура инамаданы аҳәамҭа ҟарҵеит.

«Ҳажәлар рзы иԥшьоу, аҭоурыхтә ҵакы змоу Лыхнашҭаҟны игылоу аҵла аганахь иҟаҵоу ацәгьоура ҳуаажәларра рыҩныҵҟа зегьы агәыԥжәара, агәхьаа рызцәырнагеит. Ари агыгшәыгра иаартны ҳаҿагылоит, аекологиатә вандализм адагьы, Аԥсны жәлар рганахьала иҟаҵоу ахәымгара, ҳаҭыр рықәымҵара, илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа рыӡбара анырра бааԥс аҭара аҳасабалагьы иҳадаҳкылеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала ааԥхьара ҟаҳҵоит ари ахҭыс бааԥс аҭҵааразы ирылшо зегьы ҟарҵарц, ацәгьоуцәа ирыхәҭоу рақәыршәаразы. Иара убас изыхәҭоу аекологиатә маҵзурақәа излауала шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҵла аиқәырхаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоит.

 

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Валентина Матвиенко Лира Амш лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!

Ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш! Шәара шәдыррақәа, шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду, гәацԥыҳәарала имҩаԥыжәго шәыԥсҭазааратә позициеи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы  шәеицырдыруа, ахьӡ-аԥшеи шәыманы шәҟалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақыҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәымгара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мшаԥымза 5 рзы ацәгьоуцәа аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лыхнашҭа иаҵанакуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба. атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба,  Аҳәынҭқарра азинхьчаратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араионтә милициа аиҳабы Зосма Гыцба.  Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рышьақәыргыларазы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рзы. Аҳәынҭқарра Ахада ари ацәгьоура хымԥада иаарттәуп ҳәа азиҳәеит.

Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбари Ахада иарҳәеит аҵла аиқәырхаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы.

Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, аҵла аҩныҵҟа гәаҩоуп, агәы ҭацәуп.  Аҵла ацәа мацара ауп изку, уи акәын ари аҵиаа ахь аӡы назгоз, уажәы иаргьы ԥырҟеит.

Аҵла ашьапы арӷәӷәара азы уи аҩныҵҟа абетон ҭарҭәоит.

«Зегьы ирдыруеит ари аҭыԥ – Лыхнашҭа иаҵоу аҵакы атәы. Иҟалаз ацәгьоура хьанҭа атеррористтә акт иадукалар ҟалоит, ари провакациоуп. Амчратә структурақәа зегьы рхаҭарнакцәа иахьа араҟа иҟоуп, урҭ аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны иҟаҵоу ахәымгара аилыргареи уи зхы алазырхәыз аилкаареи рзы анапынҵақәа рыҭоуп. Ҳара ари ахҭыс бааԥс азы ажәабжь иаха ахәылбыҽха иҳаҳаит. Уажәы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп ари аҵла аиқәырхара азы. Ацәгьоура зуз хымԥада ақәнага иақәыршәазароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анжела Кучубериа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.  

«Ажурналистика аусхкы аҿы ллагалеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала лзанааҭтә уалԥшьа анагӡареи рзы, Кучубериа Анжела Иури-иԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи ИТАР-ТАСС  акорреспондент», - ҳәа иаҳәоит мшаԥымза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа атекст.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуризм Аминистрра аинтернет-ҵакыра амониторинг амҩаԥгараан Аԥсныҟа иԥаршеуи амҩақәҵагақәа ауааԥсыра ирыдызгалоз асаит: https://triglit.org/ аанарԥшит.

Аԥсны атуризм Аминистрра асасцәа агәҽанызаара аадырԥшларц, ироуа аинформациа Аԥсны атуризм Аминистрра аофициалтә саит «Аԥсны иахьаҵанакуа атуристтә обиектқәа рсиа» ҳәа адыррақәа рыҟәша (https://www.mintourism-ra.org/) иаҿдырԥшларц,  иара убас «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа» аҭел: 8 (800) 505-42-40 ала иадҵаалаларц азы аҳәара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Марттәи ажәылара аан ашьаарҵәыратә еидысларақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҿы, уажәазы зхаҭара шьақәыргылам џьоукы абзазаратә гәам-сами аргыларатә маҭәахәқәа рцәынхақәеи карыжьуа иалагеит.  

Аҟәа араион Ахадара изакәанымкәа ицәырҵыз акьамсаеизакырҭа ақәгара еиҿнакааит. Агәам-сам арахьынтәи агәамсамшьҭаҵарҭа ахь  иргеит . Иҷыдоу атехника ахархәарала араҟа амашьынақәа раара иаԥырхагахашьа аҭҳәааш ржит.

Аха, уахыки-ҽнаки рыла зхаҭара шьақәыргылам ауаа агәам-сам ҩаԥхьа ацҳа аҵаҟа акажьра рзыманшалахарц азы ари аҭҳәааш еимарыԥеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Ауаажәларратә Палата аҟны апленартә еилатәара мҩаԥысит. Араҟа Ауаажәларратә Палата Ахеилаки акомисиақәеи аԥҵахеит.  

Ауаажәларратә Палата аҿыц ааԥхьара аҿы аус аулоит акомиссиақәа 10:

  1. Аҳәынҭқарратә ргылара, аҭыԥантәи ахаланапхгареи ауаажәларратә диалог аиҿкаареи рзы Акомиссиа.
  2. Атәылахьчара, амилаҭтә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Акомиссиа.
  3. Аҳәынҭқарратә бызшәа, аҵарадырра, анаука, акультура аҿиареи адоуҳатә ҭынха ахьчареи рзы Акомиссиа.
  4. Аветерантәии хатәгәаԥхарала аибашьцәа реиҿкаарақәа аус рыцура азы Акомиссиа.
  5. Аинформациатә политикеи ажәа ахақәиҭреи рзы Акомиссиа.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа милаҭ рҭоурых аҿы иуадаҩыз ахҭысқәа раан илахьынҵаӡбагаз азҵаарақәа рыӡбара ахьымҩаԥысуаз, аԥсуаа рзы иԥшьоу аҭыԥ аҟны - Лыхнашҭа иҟаҵоу ахәымгара дақәыӡбоит.

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит ари ацәгьоура иалахәу ахаҿқәа рышьақәыргыларазы иақәнагоу ауснагӡатәқәа рынагӡара.

Асоциалтә каҭақәа рыла ирыларҵәаз авидео аҿы иубаратәы иҟоуп Лыхнашҭа игылоу Кавказтәи аҭәаҵла ашьапы аҿы абензохәархь ала иҟаҵоу аԥҟарсҭақәа. Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, аҵла ҩар алшоит. «Уажәы ааԥынтәи аӡы алалара иаамҭоуп, арҭ аԥҟарсҭақәа злаҟоу ала, аҭәаҵла аԥсы ҭаны ишаанхо азы агәрагара даара имаҷуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Роман Дбар.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.