АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәаразы аусеилыргара Аҟәатәи аӡбарҭахь идәықәҵоуп

 

 

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аусеилыргара аҟәша Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәаразы аусеилыргара аматериалқәа реизгара хнаркәшеит.

Ари аусеилыргара аҿы  иаарԥшуп анапхыцәгьара аҳасабала амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала ззеиԥш еицҵалыҵ 62 млн  689  нызықь 562,6 мааҭ рҟынӡа инаӡо Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәара  иадҳәалоу аепизодқәа быжьба.

Аусеилыргара ала игәҩароу ахаҿқәаны иқәгылоуп: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз ԥыхьатәи аминистр Дбар Б.А, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «РемСтрой2012» адиректор  Лакербаиа А.Г., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба  Д.Р., Ареспубликатә унитартә Наплакы  «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» адиректор Ахба З.В., АУН «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» анџьныр Хада Ԥшанаа Д.Х., хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҵәыџьба Иа.Д.

Аԥаратә хархәагақәа рымпыҵакра мҩаԥысуан анардкыларатә еиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараан:

Нанҳәамза 19, 2013 шықәса азы – Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» аҿы иарбан зеицҵалыҵ 169 271 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа;

Мшаԥымза 28, 2017 шықәсазы  – «Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» азы анардкыларатә еиқәшаҳаҭра иарбаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 29 120 220 мааҭ рҟынӡа инаӡон;

Ԥхынгәымза 10, 2017 шықәсазы  – Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа ала иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа аҿы игылоу аҩнқәа №7, 8, 9 аҿы аиланхарҭа ҩынқәа рыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иарбан 18 961 мааҭ;

Хәажәкырамза 5, 2018 шықәсазы –  «Акоттедџьтә комплекс иаҵанакуа аҩны №6»ақыҭа, Датәи амҩа    №6)   аргаларазы иарбан 9 017 395 мааҭ;

«Маҷара ақыҭан иҟоу акоттедџьтә еиланхарҭа иахьаҵанакуа аӡымҩахгагатә ҭҳәаақәа ррыцқьара» иазку аусурақәа рынагӡара азы иԥаршеиу анардкыларатә еиқәшаҳаҭра архиара аҳасабала убасҵәҟьа иртәыртәит 1 990 246 мааҭ;

«Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» азы иарбоуп 3 227 261мааҭ рҟынӡа инаӡо арепатриациа Афонд иатәу аԥаратә хархәагақәа;

Аӡхагаларатә станциа (Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа, аҩны №1; №2) аҭахкааратә шьақәгылага аргыларазы иарбан 203 196,57мааҭ.

«Иарбоу ацәгьоурақәа рзы игәҩароу ахаҿқәа ирыду ахара иақәшаҳаҭӡам. Аха убри аан заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала ихаҭәаау ашьақәырӷәӷәаратә база шьақәзыргыло аматериалқәа еизгоуп, уи ашаҳаҭцәа рҿахәы, аӡбаратә аргылара-техникатә, аҳасабеилыргаратә, анапмымҭаеилыркааратә, уҳәа аекспертизақәа, аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа рзы аԥкаанҵақәа, аимдарақәа, уҳәа 45 том рыла еибыҭоу егьырҭ аусеилыргаратә материалқәа рыла ишьаҭаркуп», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Апрокурор Хада ахарадҵатә лкаа шьақәирӷәӷәеит, аусеилыргара Аҟәатәи анаҩстәи ахәаԥшразы ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. 

 

 

 


Read 193 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 09:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.