АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Цәыббра.2023

Аслан Бжьаниа ареспублика ашколқәа 2023-2024 шш. аҵарашықәс разыҟаҵара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа цәыббрамза 12 рзы ареспубликаҟны аҵариуратә усҳәарҭақәа аҵарашықәс ҿыц разыҟаҵара иазку аҳасабырбатә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵараируа аусхк знапы иану Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аҵара аминистр Инал Габлиа, асоциалтә зҵаарақәа рзы араионқәа рхадацәа рхаҭыԥуаа, аҵараиура ақалақьтәии араионтәии аҟәшақәа реиҳабацәа.

Аҵара аминистр Инал Габлиа Ахада иҟны аҳасабырба ҟаиҵеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы астатистика инамаданы. Уи иҟаиҵаз адыррала, аҵарашықәс ҿыц азы – 2023 шықәса цәыббрамзазы ашкол ахь ицеит 2 500 –ҩык актәи акласс аҵаҩцәа, аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа рыҟны ирыдыркылеит 1500 –ҩык ахәыҷқәа, ААУ иахыԥхьаӡалоуп 650 –ҩык ашколқәа раушьҭымҭацәа, Урыстәылаусацзура аквотала УА аҵараиурҭақәа рахь идәықәҵоуп – 84 –ҩык абитуриентцәа, АА Аҵара аминистрра  аганахьала иреиҳау аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи рахь ишьҭуп 15-ҩык абитуриентцәа:   Белгородтәи аҳәынҭқарратә университет ахь - 3-ҩык; IT-аколлеџь Сириус ахь – ҩыџьа (2), Нижегородтәи аҳәынҭқарратә нџьныр-економикатә университет – 10-ҩык.

Ааԥын аҩныҵҟала ихыркәшоуп арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны, В. Маршьан ихьӡ зху абокс, ақәԥара, атлетика хьанҭазы Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҟны, К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны, Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны, Аракьыҿы ақ. ашкол аҟны, Мықәтәи абжьаратәи ашкол №1 аҟны, ахәыҷбаҳча «Мрамза» аҟны Гагра арион аҿы, Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №5 аҟны, ахәыҷбаҳча «Кәыбрыц».

Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, аҵараиуратә усбарҭақәа рыҟны арҽеира-еиҭашьақәыргаларатә усурақәа рымҩаԥгаразы 2022 шықәсазы аныхтәқәа идыртәеит 47 млн мааҭ, 2023 шықәсазы 64 млн мааҭ, арҭ аусурақәа реиҳарак аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы ихыркәшан.

Аминистр иҟаиҵаз адыррала, аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Аԥсны ашколқәа ирызшоуп 18 272 рҵага шәҟәы Аԥсны иҭыжьыз,  1 акласс инаркны 11 класс рҟынӡа. Хара имгакәа 8-9-тәи аклассқәа рзы урыстәылатәи арҵага шәҟәқәа аараны иҟоуп     32 749 цыра, 5 маҭәарк рзы (аурыс бызшәа, аурыс литература, Урыстәыла аҭоурых, азеиԥш ҭоурыз, алгебра).

Аилацәажәараҟны ажәалагала ҟаҵан ашколнӡатәи абжьаратәи ҵараиура асистемаҟны ақәра иаҵанакуа аԥсахрақәа ралагалара. Аҟәа ақ. Администрациа Аҵараиура аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл ихымԥадатәиу ашколқәранӡатәи аҵараиуразы хышықәса рыҟнытә ҩышықәса рахь ақәра аҳәаақәа рыларҟәра аԥыжәарақәа маҷымкәа иамоуп: ҩышықәса инаркны абызшәа еиҳа имарианы ирҵоит, аҭаацәара қәыԥшқәа рыҟны адекреттә ԥсшьарашьҭраҟнытә аусурахь ахынҳәра апроблема ӡбахоит, аԥсуа школқәа алагаларҭатә классқәа рырҵаҩцәа  арҵаратә процесс аиӷьтәраҟны ирыцхраауеит. 5-6 шықәса рзы ахәыҷы ашкол ахь ишьҭра алҵшәа зламам ала, ажәалагала ҟаҵан ақәратә ҳәаа быжьшықәса рҟынӡа ишьҭыхны ари ӷәӷәала хылаԥшра аҭаразы.

 

 


Read 113 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 15:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.