Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны анардадкылаҩ аихамҩатә цҳақәа «Кьиалашәыр», «Тамшь», «Аацы», «Агәыӡера», «Кәыдры» «Ҭоумышь, Ԥшьаԥ», аихамҩатә станциа Аҟәа анаӡаратәи ахыцтә еиҿыгарҭақәа реиҭашьақәыргылара, иара убас аихамҩатә станциақәа Аҟәа, Цандрыԥшь, Гагра адәыӷбадгыларҭақәа рырлашагақәа реиҭашьақәыргылара, авокзал Гагра астанциа аҿы авокзал иаԥну аплошьади астациа Аҟәа аҿы аҩбатәи амҩа арлашагақәеи реиҭашьақәыргылара рзы аҭакԥхықәра ихахьы игон.
Ашьаусеилыргара ахацыркра ҟалаанӡа имҩаԥгаз агәаҭараан ишьақәыргылан хәажәкырамза 25, 2020 шықәсазы АУН «Аԥснытәи аихамҩақәа» адиректор хадас иҟаҵаз Агрба Мирон Лавренти-иԥа аамҭак ала аиҿкаара-анардадкыла Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «СП Путь-А» аԥҵаҩы заҵәны дшыҟаз. Иарбоу аилазаараҿы анапаҵыҩра азин иманы адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Коӷониа Даур Ҷыҷыкәа-иԥа.
Иарбоу ахаҿқәа рганахьала анагӡаратә ргыларатә усшәҟәқәа ишьақәырӷәӷәаз ахарџьынҵатә рбагақәа инарықәыршәаны аусурақәа нагӡоушәа имцырку адыррақәа рырбарала амцҳәаратә уснагӡатәқәа аҭыԥ шрымаз арԥшхеит. Заанаҵәи адыррақәа рыла, ашьаусеилыргара ахацыркра аламҭалазы иртәыртәыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 12 773 288 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 3 804 245 мааҭ аҿаҵаҩыс иҟоу – Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ала – Аԥсны Арбитражтә ӡбаҭа аӡбамҭала (уи аамҭазы анапхыцәгьара афакт шьақәыргылаӡамызт) ЗҲәА «СП Путь-А» ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарахь иахыԥхьаӡалан.
Ари аус ала заанаҵтәи аусеилыргара иацҵахоит, ацәгьоура иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа реилкаара иазырханы аусеилыргаратәи апроцессуалтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.






