Аусмҩаԥгатә еизнагеит шәҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи Москва аккредитациа змоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Аилацәажәаразы ихадоу теманы иҟалеит украинатәи акризис аҭышәынтәалара, адипломатиатә усуреи аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс аперспективақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Адискуссиа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш иааиртит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иқәгылараҿы урыстәылатәи адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа ахада Урыстәыла аполитика-дипломатиатә ҭышәынтәалара ахь азнеишьақәа дрыхцәажәеит.






