Алеқсандр Анқәаб уи агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, анасыԥи иполитикатә усураҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Ихьыԥшым Аҳынҭқаррақәа Реиҩызара Аинститут адиректор Константин Затулин 65-шықәса ихыҵра инамаданы дидныҳәалеит.
Алеқсандр Анқәаб уи агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, анасыԥи иполитикатә усураҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит.