Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа рахь иусуратә ҭаарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ливан даҭааит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Беирут ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри Ливан иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиԥылара мҩаԥысит. Инал Арӡынбеи Алеқсандр Рудакови Аԥсни Ливани еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла русеицуразы актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Иара убас, Беирут ақалақь аҿы Инал Арӡынба дырԥылеит Урыстәыла-Ливантәи аусутә Хеилак ахантәаҩы атәылаҿы еицырдыруа анаплакҩи ауаажәларра-политикатә усзуҩи Жак-Жан Сарраф, Беирут Ахәаахәҭратә палата аиҳабы Моахамед Шусер, Ливан анаплакҩцәа Рассациациа ахантәаҩы Моахамед Дарвичи.
Аиԥыларақәа рҟны аҩтәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадара аҿиара апотенциал анализ азун.