АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2023

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анукақәа Ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа афилологиатә наукақәа рдоктор Зураб  Џьапуа «Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ». 

Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев.

Цәыббрамза 21 – 23, 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 -шықәса аҵреи инамаданы имҩаԥысуа II Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа» рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә Университет аректор А.Тибилов, апрофессор Вадим Тадеев напхгара зырҭо Аахыҵ Уаԥстәылантәи аделегациа ахаҭарнакцәа Зураб Џьапуа агәышԥытә дыргеи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада инапынҵа зну Аусԥҟа аоригинали ианаршьеит.  

 

 


Read 330 times - Ахәаша, 22 Цәыббра 2023 18:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.