Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Алан Алборов Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Иура-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала хаҭала Шәареи Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәеи Аахыҵ Уаԥстәыла Амш шәыдысныҳәалоит!
Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар цәыббрамза 20, 1990 шықәсазы иалнахыз амҩа шәреспублика ҳаамҭазтәи аҭоурых шьақәнаргылеит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгареи ажәлари асуверенитети ахьыԥшымреи рахь инагаз амҩаҟны изыниоз ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи ириааины иаадырԥшуан ԥгара змам акреи аидгылареи.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа аиҩызареи агәреибагареи аҳаҭырқәҵареи аилибакаареи рыла ишьаҭаркуп.
Ари амш аҽны шәаргьы ҳаргьы Аахыҵ Уаԥстәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам аԥсуа жәлар рхақиҭтәреи рхьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аахыҵуаԥстәылатәи хатәгәарауаа рфырхаҵара.
Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ихьыԥшым, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәынҭқарра астатус амоуп, аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика аҿы ахыдҵақәа нанагӡоит, аҿиара амҩа иануп.
Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Шәтәыла аизҳазыӷьара иазку шәпарламенттә усура аҿы анаҩсгьы ақәҿиарқәеи аманшәалареи шәзеиӷьаҳшьоит!»