АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Цәыббра.2023

Денис Саманбеи Валериа Дмитриенкои Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥысыз атлетикаластәи акросс аҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы цәыббрамза 23 азы имҩаԥысит атлетикалас азы акросс. Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал ақалақьқәа рҟынтәи қәрала  еиуеиԥшым 80-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Аиԥхынҩлара аламҭалазы уи алахәылацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҭыԥҳацәа 3 км. рҟынӡа иҟоу адистанциа аҿы иҩуан, арԥарцәа – 5 км.

Акросс аҿы аҭыԥҳацәа рыбжьара аиааира лгеит Аԥсны еизгоу акоманда аԥыза Валериа Дмитриенко. Аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Ангелина Рушьак, ахԥатәи - Шахзода Санакулова. 

Арԥарцәа рыбжьара аиааира игеит еицырдыруа атлетикалас аспортсмен, Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы изныкымкәа аиааирақәа згахьоу Денис Саманба. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Дамеи Конџьариа, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит арратә қалақь ахаҭарнак Магомед Мартус. 

Денис Саманба изы хә-километрак рҟынӡа инаӡо адистанциа иԥсҭазаараҿы раԥхьатәи акәын.  Уаанӡа уи иауу адистанциақәа мацара рҿы дықәгылон, уи икьаҿу адистанциа аҿы аҩра дахьашьцыламыз азы митәык изыманшәаламызт.

Аиааира згаз зегьы аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иара убас «Аиааирагара агәазыҳәара азы» аҳамҭақәа еиқәдыршәеит.  Урҭ рыла аџьшьара рыҭан Лииа Гәыбаз, Софиа Ҭарба, Даниела Адлеиба, Лолита Исмаил, Ернесто Аҳәба, Глеб Павлов, Ҭемыр Габуниа, Серкут Акалгба.

Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Лолита Назарс-Акәыциа акросс иалахәыз зегьы иааиуа аныҳәа ду –  Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш рыдылныҳәалеит, ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, ахирра, рыгәҭакқәа зегьы рынагӡара.

Аспорт кашәмыжьын, шәгәабзиара шәеиҷаҳаны шәазнеила, уи даара хра злоу усуп шәара шәзы, шәаԥхьаҟа зегьы рҿы шәԥызаны аҟалара аҿы хымԥада ишәыцхраауеит», - ҳәа аҿар дрықәныҳәеит азыҟаҵаҩ.


Read 190 times - Ашәахьа, 25 Цәыббра 2023 12:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.