Актәи аиндаҭлара аҩбатәи араунд аҿы ахәаҽыга амаана ахархәарала иара дииааит Улиановсктәи аобласть аҟынтәи аспортсмен. Афиналбжатәи аиндаҭлара аҿы Омсктәи аспортсмен иганахьала ахәаҽыга –ахкәакь амаана мҩаԥган.
Афиналтә еиндаҭлараҿы Дауҭ Гәыблиа аҩбатәи араунд аҿы имҩаԥигаз ахәаҽыга маана ала Приморсктәи аспортсмен дииааит», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрофессионалтә бокс Афедерациа апрезидент Альберт Карди-оглы.
Ахьтәы медал адагьы, Дауҭ Гәыблиа иреиӷьу атехниказы ахраҿа ианашьахеит.