АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынҷкәын.2023

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны амца акит.

«Абылра шыҟалаз азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ашҟа адырра ҟалеит 14 сааҭи 37 минуҭи рзы.  Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеи аамҭазы аҩны аҩбатәи аихагылеи уи иаҿаԥшьыз ахыбреи амца амҽханакхьан. Амца дырцәон Очамчыра араион абылрацәыхьчаратә хәҭеи Ҭҟәарчал араион абылрацәыхьчаратә хәҭеи рҟынтәи  агәыԥқәа ҩба», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҟалаз амашәыр иахҟьаны 22 шықәса зхыҵуа ахаҵа дҭахеит. Иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп. 

 


Read 118 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 22:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.