Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьибеи Амаҵзура аусзуҩцәеи рзанааҭтә ныҳәа – Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Иасыф-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амш. Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа есымша хьыӡла-ԥшала рыуаажәларратәи рырратәи ауалԥшьа нарыгӡон – 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз аамҭа азы еиԥш, акыр иуадаҩуз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазгьы. Иахьагьы Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа иҳараку аҩаӡараҿы аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа нарыгӡоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рнапы иану амаҵура хыԥхьаӡара рацәала ашәарҭара ацуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп аветеранцәа, ҳазҭагылоу аамҭазы аусбарҭаҟны знапынҵақәа қәҿиарала иназыгӡо аусзуҩцәа. Иахьа шәара ишәымоу аԥышәеи ҳаамҭазтәи аметодқәеи шәхы иархәаны ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара шәахылаԥшуеит», ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Апарламенти Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара аганахьала азакәанԥҵара аиӷьтәра иазкны русеицура атәыла аинтересқәа рыхьчара иадҳәалоу ауснагӡатә ҿыцқәа рыӡбара ишацхраауа азы агәра ганы дыҟоуп.
Лаша Ашәба Ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьоит агәабзиара, ахирра, рнапы злаку аус аҿы аманшәалара.