АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынҷкәын.2023

Жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә конкурс «Амҩақәа зегьы МАДИ ахь ихоуп!» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә конкурс «Амҩақәа зегьы МАДИ ахь ихоуп!» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара мҩаԥысуеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра.

Аконкурс алахәхаразы ааԥхьара рыҭахоит ашколқәа, агмназиақәа, алицеиқәа аушьҭратә классқәа рҵаҩцәа, аколлеџьқәеи атехникумқәеи рыстудентцәа, иара убас аҳәаанырцәтәи ауниверситетқәа роушьҭымҭацәа.

Аиааира згаз Москватәи Автомамашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә Институт (МАДИ) абакалавриат, аспециалитет, амагистратура апрограммақәа рыла хәыда-ԥсада аҵаразы алшара роуеит, иара убас ирыҭахоит азеиԥшеиланхарҭа аҿы аҭыԥ, астипедиагьы рызшәахоит.

Аконкурс мҩаԥгахоит адистанциатә формат ала. Уи азы асаит www.grant.madi.ru аҿы ашәҟәҭагалара иахыстәуп.

Жәабранмза 12, 2024 шықәсанӡа амагистратура иҭало рзы;

Жәабранмза 2, 2024 шықәсанӡа абакалавриати аспециалитети ирҭало рзы.


Read 146 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 22:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.